Винни-Пыҟә иазку ашәҟәы асахьа 570 нызқь доллар ҳәа ирҭиит

© twitter/Sotheby'sКарта к книге про Винни-Пуха ушла с молотка за рекордные $570 тысяч
Карта к книге про Винни-Пуха ушла с молотка за рекордные $570 тысяч - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Винни-Пыҟә иазку ашәҟәы аиллиустрациа 570 000 доллар ҳәа ирҭиит. Ари ахәԥса уаанӡа ирҭиқәахьоу аиллиустрациақәа зегь раасҭа идууп.

АҞӘА, ԥхынгәы 12— Sputnik. Англиатәи ашәҟәыҩҩы Алан Милн Винни-Пыҟә изку аҩымҭашәҟәы иагәылоу ахсаала "Стоакровый лес" рҭиит 430 000 фунт стерлинг (570 нызқь доллар) ҳәа аанацҳауеит Sputnik Аахыц Уапстәыла.

Аукционтә Ҩны Sotheby's ахаҭарнакцәа ишырҳәаз ала ари аҩыза ахәԥса уаанӡа аҽа шәҟәытә иллиустрациак иахырымшәаацызт.

Ахсаала алахәын Диснеи иҭыхымҭа "Винни-Пух и медное дерево" аҿгьы. Ахсаалаҿ абнара асахьадагьы афырхацәа Милн, Иа, Винни-Пыҟә, Кристофер Робин рсахьақәа анын.

Винни-Пыҟә иазку ажәабжь аԥҵан 1925 шықәсазы. Иаарласынгьы ирылаҵәеит. Вини-Пыҟә иазкыз ажәабжьқәа Милн рыҩра далагеит иҷкәын хәыҷы Кристофер Робин изы. Ашәҟәы ҭыҵаанӡагьы Милан еицырдыруаз драматургын.

Ажәабжьқәа зегьы
0