НАТО иҟанаҵо аҳәамҭақәа рыла аполитикатә провокациақәа мҩаԥнагоит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИгорь Коротченко
Игорь Коротченко - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Бриуссель ԥхынгәы 11-12 рзы имҩаԥысуаз НАТО асаммит аҿы ааԥхьара ҟаҵан Урыстәыла арратә мчрақәа Молдавиа, Украина, Қырҭтәыла рҟынтәи иалнагарц.

АҞӘА, ԥхынгәы 12— Sputnik. Бриуссель ԥхынгәы 11-12 рзы имҩаԥысуаз НАТО асаммит аҿы ааԥхьара ҟаҵан Урыстәыла арратә мчрақәа Молдавиа, Украина, Қырҭтәыла рҟынтәи иалнагарц. Ари ааԥхьара политикатә провакациоуп ҳәа ахиҳәааит ажурнал "Национальная оборона" аредактор хада Игор Коротченко. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Флаг на здании Государственной Думы РФ на улице Охотный ряд в Москве - Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарратә Думаҿ НАТО аҭак шаиуа азгәарҭеит

Коротченко иазгәеиҭеит, арҭ иарбоу атәылақәа рҿы Урыстәыла арратә мчрақәа шыҟам. Приднестровие акәзар, уа игылоу арратә мчрақәа жәларбжьаратәи амандат рымоуп, убри инадҳәаланы урҭ уантәи ралгара ҵакыдоуп.

"Аҳәамҭа аполитикатә ҵаҵӷәы аҭоуп. Аҽазныкгьы НАТО Урыстәыла аганахь ала аҩызара шаанамырԥшуа унарбоит. Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи ракәзар, уаҟа 2008 шықәса рзы иҟаз ахҭысқәа аполитикатә ҭагылазаашьа ҿыц аԥырҵеит. Дара азхаҵоуп. Уи алацәажәара аҭахны иҟаӡам. Украина акәзар, уа ҳара ҳаруаа ыҟаӡам. Ҟрым акәзаргьы, уи Урыстәыла иузаҟәымыҭхо хәҭоуп", — иҳәеит Коротченко.

Бриуссель ԥхынгәы 11-12 рзы имҩаԥысуаз НАТО асаммит аҿы ааԥхьара ҟаҵан Урыстәыла арратә мчрақәа Молдавиа, Украина, Қырҭтәыла рҟынтәи иалнагарц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0