Аԥсны атәылауаа Урыстәылатәи арратә ҵараиурҭақәа рҭалараз аԥышәарақәа рҭиуеит

© Sputnik / Томас Тхайцук30 сентября – День Победы и Независимости
30 сентября – День Победы и Независимости - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Роланд Џьоџьуа далацәажәеит Аԥсны атәылауаа Урыстәылатәи арратә ҵараиурҭақәа рахь аԥышәарақәа шырҭиуа атәы.

АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik. Аԥсны атәылауаа Урыстәылатәи арратә ҵараиурҭақәа рахь аԥышәарақәа шырҭиуа атәы иҳәеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Роланд Џьоџьуа.

"Сынтәа, лаҵарамзазы аминистр инапы аҵеиҩит адҵа арратә ҵараиурҭақәа рахь акурсантцәа ралкааразы акомиссиа аԥҵаразы. Еиҿкаау акомиссиа саргьы салахәуп, аус шауа здыруеит", — иҳәеит иара.

Урыстәылатәи арратә ҵараиурҭақәа ирҭалар рылшоит Аԥсны атәылауаа, Урыстәыла атәылауаҩреи Урыстәыла аҳәаанырцәтәи апаспорт змоуи дыҷкәынума дыӡӷабума иахьмырԥшыкәа.

"Иара убасгьы дара абжьаратә ҵара рымазароуп мамзаргьы азеиԥш ма апрофессионалтә ҵара рыманы иҟазароуп. Ргәабзиаратә ҭагылазаашьала арратә ҵараиурҭаҿы аҵара иахысыртә иҟазароуп", — иҳәеит иара.

Аҵараҵарахь акандидатцәа қәрала 17-22 шықәса ирыҵаркуазароуп.

"Сынтәа Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭаларазы 83 рзаҳал ҳзаашьҭын. Аминистр арзаҳалқәа зегьы анышьақәирӷәӷәа ашьҭахь акандидатцәа иахәҭаны иҟаз адокументқәа еиқәдыршәеит. Рашәара 27 рзы раԥхьатәи аԥышәара ҳадаҳкылеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Џьоџьуа.

Аҵараиурҭақәа рахь аҭалара зҭаху реиҳараҩык ҷкәынцәоуп.

"Усеиԥш зыҟоу арратә занааҭқәа реиҳарак аҷкәынцәа роуп иззырхо", — иҳәеит иара.

Акандидатцәа ралкаараҿы аҵакы аманы иҟоуп рдырра, рыԥсихологиатә ҭагылазаашьа, рыбаҩрҵәыратә зыҟаҵашьа.

Призывники Абхазии почтили память погибших в грузино-абхазской войне - Sputnik Аҧсны
Арра инарыԥхьаз Ахьӡ-аԥша апарк аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит

"Аԥышәарақәа зегьы Атәылахьчара аминистрраҿ ирҭиуеит. Аԥышәарақәа рыламҭалаз адкыларатә комиссиа алахәылацәеи аҭаацәеи аиԥылара рыман. Иара убасгьы ирыҿцәажәан акандидатцәа", — иҳәоит Џьоџьуа.

Аурыс бызшәазы аԥышәара ашьҭахь 83 кандидат рҟынтәи 40-ҩык аанхеит.

"Изгәамԥхаз ауаа ираҳҳәеит аусумҭақәа зегь рыхкьыԥхьаақәа рнапаҿы ишыҟоу. Аоригинал збарц зҭахугьы ибар шалшо. Абри ашьҭахь агәынамӡара ҟалар аопеллиациахь инарышьҭыр шауа. Жәаҩык рҟынӡа аусумҭақәа ҭырҵааит, аха уи ашьҭахь аӡәгьы дҳадымҵаалеит", — иҳәеит иара.

Уи ашьҭахь имҩаԥгаз абаҩрҵәыратә зыҟаҵара агәаҭараан иалахәын Атәылахьчара аминистрра азанаҭуаа. Уи инахырҳәҳәаны имҩаԥган аԥсихологиатә тест. Аԥсихолог иабжьгарақәа хра рыманы иԥхьаӡан.

Студенты в АГУ - Sputnik Аҧсны
Озган: Аԥсны арҵаҩцәеи агрономцәеи азхаӡом

"Аԥсихолог иҿцәажәара ашьҭахь иҟан аԥышәарахь рнеира иаԥсам ҳәа иззыԥхьаӡаз. Абри аганахь ала еиҳа инарҵауланы абитуриентцәа рыҭҵааразы ирыдыԥхьалан арратә госпиталь ахаҭарнакцәа.

Хыркәшаратә ԥышәараны имҩаԥгахоит Аԥсны аҭоурых азы аԥышәара. Уи аԥхьа аматематиказ аԥышәара мҩаԥган.

Аԥсны атәылауаа абарҭ агәаҭарақәа зегьы рхыргар Москва инаркны Благовешьчинскынӡа иҟоу арратә ҵараиурҭақәа рҿы аҵараҵара азин роуеит.

2010 шықәса рзы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиқәышаҳаҭра инақәыршәаны есышықәса Аԥсны Атәылахьчара аминистрра арратә ҵараиурҭақәа рахь иашьҭеит ҳтәылауаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0