Кемерово ахәаахәҭратә центр аныблы ашьҭахь агәаҭарақәа мҩаԥган

© Sputnik / Александр Патрин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСнос здания ТЦ "Зимняя вишня" в Кемерово
Снос здания ТЦ Зимняя вишня в Кемерово - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кемерово ахәаахәҭратә центр "Зимняя вишня" амца анакы иҭахеит 60-ҩык. Урҭ реиҳарак хәыҷқәан.

АҞӘА, ԥхынгәы 31 — Sputnik. Кемерово ахәаахәҭратә центр "Зимняя вишня" амца анакы иҭахеит 60-ҩык. Урҭ реиҳарак хәыҷқәан. Убри ашьҭахь ирылаган ахәаахәҭратә центрқәа рҿы агәаҭарақәа. Иаарԥшын 280 нызқь еилагара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Хәажәкыра 28 инаркны ԥхынгәы 25 рҟынӡа Урыстәыла АҶА ахәаахәҭратә центрқәа рҿы аплан нҭыҵтәи агәаҭарақәа мҩаԥнагон. Зынӡа игәаҭан 90 нызқь аобиект. Иаарԥшын амцакра ашәарҭара змаз аҭагылазаашьақәа 280 нызқь", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Кемерово ахәаахәҭратә центр "Зимняя вишня" амца анакы иҭахеит 60-ҩык. Урҭ реиҳарак хәыҷқәан.

Убри инадҳәаланы иаанкылан жәеизаҩык: ахыбра ахатәтәыҩцәа, ахьчаҩцәа, ацентр аусура алагара азин ҟазҵаз, амцакра ахылаԥшра аҭаҩцәа у.у.е.

Ажәабжьқәа зегьы
0