Вашингтон Украина атәылахьчара иазоунажьуеит 250 миллион доллар

© Fotolia / GaryЗдание Капитолия в Вашингтоне
Здание Капитолия в Вашингтоне - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Вашингтон Украина атәылахьчара иазоунажьуеит 250 миллион доллар. 2014 шықәса раахыс иҟаҵоу ацхырара миллиардк доллар иахысхьеит.

АҞӘА, нанҳәа 2— Sputnik. Вашингтон Украина атәылахьчара иазоунажьуеит 250 миллион доллар. 2014 шықәса раахыс иҟаҵо ацхырара миллиард доллар иахысхьеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Военная техника НАТО в Грузии - Sputnik Аҧсны
НАТО Қырҭтәыла амилитаризациа иацхраауеит

"Америка асенат иаднакылаз адокумент иазыԥхьагәанаҭоит Украина ацхыраара акибер-ажәыларақәа рҽырцәыхьчараҿы, аҳәынҭқарратә мчрақәа ркомпиутертә ҳақәа ршәарҭадараҿы, урыстәылатәи аинформациатәи акоммуникациатәии технологиақәа рнырра аиҵатәраҿы, аинформациа аимдара апрограмма алахәраҿы", — ҳәа аанацҳауеит ЕАШ иҟоу Украина Ацҳаражәҳәарҭа.

2018-шықәсазы иазыԥхьагәаҭан Украина 350 миллион доллар ацхыраара аҭара.

Уи адагьы 2018 шықәсазы Украина Америка, Литва, Англиа, Канада рҟынтәи иаиуит еиуеиԥшым абџьар, 40 миллион доллар рҟынӡа зыхәԥса наӡо.

Ажәабжьқәа зегьы
0