"Роскосмос" аҵарауаҩ аҳәынҭқарра амаӡақәа иҭиуан

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРассмотрение жалобы на арест В. Кудрявцева
Рассмотрение жалобы на арест В. Кудрявцева - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ааигәа ацентртә ҭҵаарадырратә институт "Роскосмос" аҟны аҳәынҭқарра зыԥсахуа ыҟоу-иҟаму реилкааразы аԥшаарақәа мҩаԥысит.

АҞӘА, нанҳәа 2 — Sputnik. Урыстәыла ацентртә ҭҵаарадырратә институт "Роскосмос" ЦНИИмаш аҵарауаҩ Виктор Кудриавцев ахара идырҵоит аинформациа маӡа бельгиатәи аинститут иаиҭон ҳәа аанацҳауеит РИА Новости идукат Евгени Смирнов иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Кудриавцев аматериал маӡақәа аус рыдимулоижьҭеи акрааҵуеит ҳәа иҳәоит адукат.

"Виктор 90-тәи ашықәсқәа раахыс аматериал маӡақәа аус рыдимулац", —иҳәеит иара.

ФСБ акәзар аинститут аҟынтәи агипербыжьқәа ирызкны аусурақәа рзы аинформациа НАТО атәылақәа ирзынарышьҭуан ҳәа иаԥхьаӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0