Украинеи Урыстәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара аусура аанкылахар ҟалоит

© Sputnik / Юрий Лашов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖелезнодорожные пути
Железнодорожные пути - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2015 шықәса жьҭаарамза аахыс Киев аԥшьгарала аҳаиртә еимадара аус ауӡом.

АҞӘА, нанҳәа 7 — Sputnik. Украинатәи амчрақәа аҳәамҭа ҟарҵеит Украинеи Урыстәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара аусура аанкылахар ҟалоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Украина аинфраструктура аминистр Владимир Омелиан иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Ҳара уажәы аус адааулоит Москвеи Киеви реихамҩатә еимадара аанкылара", — иҳәеит иара ателепрограмма "Завтрак с 1+1" аҟны.

Урыстәылатәи адәыӷбақәа Украина аҵакыра иалсны рныҟәара аанкылара гривенк ауп ԥхасҭаны иҟанаҵо иҳәоит иара.

Иара убри аан аихамҩатә транспорт Аусбарҭа ("Укрзализныця") аҳәамҭала, 2017 шықәса рзы ахырхарҭа "Киев — Москва" ф-миллион доллар ахашәала ҟанаҵеит.

2015 шықәса жьҭаарамза аахыс Киев аԥшьгарала аҳаиртә еимадара аус ауӡом.

Апасаџьыртә дәыӷбақәа ракәзаргьы рхыԥхьаӡара акыр еиҵоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0