ЕАШ Солсбери иахырҟьаны асанкциа ҿыцқәа аднакылоит

© Sputnik / Igor Mikhalev / Амедиаҵәахырҭахь аиасраCongrès américain
Congrès américain - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Америка аҳәынҭдепартамент аҿы иазырыԥхьаӡоит "Новичок" ахархәара аҭан ҳәа жәларбжьаратәи азини ахимиатә бџьар ахархәара аҟамларазы Аконвенциеи ирыхьмырԥшыкәа ҳәа. Британиа асанкциақәа ирыдгылоит.

АҞӘА, нанҳәа 9 — Sputnik. Еиду Америкатәи аштатқәа Солсберитәи ахҭысқәа ирыдҳәаланы асанкциақәа аларгалараны иҟоуп нанҳәа 22 инаркны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Америка аҳәынҭдепартамент аҿы иазырыԥхьаӡоит "Новичок" ахархәара аҭан ҳәа жәларбжьаратәи азини ахимиатә бџьар ахархәара аҟамларазы Аконвенциеи ирыхьмырԥшыкәа ҳәа. Британиа асанкциақәа ирыдгылоит.

Сотрудники экстренных служб - Sputnik Аҧсны
Скрипалиаа ирырҭаз ахәшә "Новичок" шакәу шьақәырӷәӷәоуп

Аусбарҭа ахаҭарнак иҳәеит Кремль абри азы адырра шаҭоу атәы.

2018 шықәса, ԥхынгәы 5 рзы Англиатәи аграфра Уилтшир аполициа Солсбери ақалақь ааигәара иҟоу Еимсбери аҟны ахәышәтәырҭахь инаган "ишьақәыргылам амаҭәашьар зныруа" ҩыџьа ауааԥсыра. РИА Новости адыррақәа рыла, асабша ахәылбыҽха аполициа адырра роуит аҩнқәа руак аҟны зыхдырра ыҟам ахаҵеи аԥҳәыси шырбаз азы.

Уи аԥхьа, хәажәкыра 4 рзы Солсбери, Британиатәи амаҵзура ҷыдақәа аус рыцызуаз, уаанӡа ГРУ аус зуаз Сергеи Скрипали иԥҳаи ахәшә рырҭеит.

Абри аан ахархәара аман Урыстәыла иҭыжьу амаҭәашьар А234 "Новичок" ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Британаитәи амаҵзура ҷыда.

Урыстәыла акәзар абри мап ацәнакит.

Британиа ду Аԥыза-министр Тереза Меи абри инадҳәаланы Урыстәылатәи адипломатцәа 23-ҩык атәыла иалцахоит, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәагьы русура ԥкхоит ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит.

Убри аҭакс Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра хәажәкыра 17 рзы 23-ҩык Британиа ду Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа "персона нон грата" ҳәа ишьаны мчыбжьык аҩныҵҟала Урыстәыла аанрыжьроуп ҳәа аӡбра аднакылеит.

Министр иностранных дел России Сергей Лавров, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Лавров урыстәылатәи адипломатцәеи "Скрипаль иуси" реидҳәалара ахҳәаа аиҭеит

Уи ашьҭахь "Скрипаль иус" инадҳәаланы, ЕАШ (США) аҳәамҭа ҟанаҵеит атәылаҟынтәи 60-ҩык урыстәылатәи адипломатцәеи 12-ҩык ООН иҟоу атәыла ахаҭарнакра аусзуҩцәеи атәылаҟынтә ишықәцахои Сиетл иҟоу Урыстәылаа консулра хада шадыркуеи рзы.

Иара убри аан иарбанызаалак Урыстәыла ахара ахаразтәыша ршаҳаҭга ыҟан иҟамызт.

Москва акәзар, имҩаԥысуа провокациоуп ҳәа ахнаҳәаауан. Владимир Путин иакәзар иазгәеиҭеит Урыстәыла ахимиатә бџьар амам ҳәа.

Сергеи Лавров иакәзаргьы лаҵарамзазы "Скрипальраа рус" ҵаҵӷәыдоуп ҳәа ахиҳәаахьан, иагьазгәеиҭахьан абри аус аҿы Урыстәыла иарбанызаалак харак шамам.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Мариа Захарова лакәзар аҳәамҭа ҟалҵахьан Скрипальраа рганахь ала Форин-офис ахь 60 инарзынаԥшуа дипломатиатә нота шынашьҭу, аха урҭ ҭакда ишныжьу.

Ажәабжьқәа зегьы
0