Урыстәыла абаџь ҿыц аларгалар ҟалоит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНефтяная скважина на окраине Дейр-эз-Зора
Нефтяная скважина на окраине Дейр-эз-Зора - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Афинансқәа рминистрра егьырҭ атәылақәа рԥышәа рымдара иазхьаԥшуеит.

АҞӘА, нанҳәа 14 — Sputnik. Урыстәыла Афинансқәа рминистрра егьырҭ атәылақәа рԥышәа рымдара иазхьаԥшуеит, ажәалагалагьы азнархиоит аекономикатә баџь алагаларазы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ацрыҵқәа иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара иарҭо аԥхасҭа, уи ашәарҭара уҳәа рзы абаџьқәа ралагалара азыԥхьагәарҭоит.

Иахьазы Урыстәыла аус ауеит ацрыҵқәа аԥсабара раларҵәаразы ашәахтә, аха уи рацәак хра аманы иҟам, аԥаразоужьра цҵагьы мҩаԥгалатәуп.

Убри азоуп Урыстәыла Афинансқәа рминистрра егьырҭ атәылақәа рԥышәа рымдара изазхьаԥшыз, абаџь ҿыц ақәҵарагьы аҭахны изабо.

Азакәан рыдыркылар, аусура иалагоит 2020 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0