Ермантәыла Кочариан дахьоурышьҭыз иаҿагылоит

Анапаҵаҩра
Ермантәыла уаанӡатәи Ахада Роберт Кочариан аӡбарҭа азал аҟынтәи ихы дақәиҭыртәит адукатцәа рзыҳәа инақәыршәаны.

АҞӘА, нанҳәа 14— Sputnik. Ашәахьаҽны зхы иақәиҭыртәыз Роберт Кочариан ипресс-конференциа еиԥҟьан азал иҩналаз, иара ихақәиҭтәра иаҿагыло ауаа рыла ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Акциа иалахәыз еицҿакны "Ашьҩы!" ҳәа еицҿырҭуан. Уи аԥхьа дара еизаны игылан апресс-конференциа ахьымҩаԥысуаз "Эребуни плаза" ахыбра аҿаԥхьа.

Sputnik Армения адыррақәа рыла еизаз рҟынтәи ԥыҭҩык ирылшеит азал аҩналара, азал ашәқәа аполициаа ишадыркхьазгьы.

Активист Давид Петросиан иажәақәа рыла Ермантәыла ареволиуциа ззымҩаԥгаз шьҭахьҟа ахьаԥшраз акәӡам.

Аусҭҵааратә маҵзура ҷыда ԥхынгәы 26рзы Кочариан ахара иднаҵеит аконституциатә шьақәгылара ҵишәаауан ҳәа. Уи ашьҭахь иара ҩымз ҳәа даанкылан.

Ажәабжьқәа зегьы
0