Асоул-шәаҳәаҩ Арета Франклин лыԥсҭазаара далҵит

Анапаҵаҩра
Асоул-шәаҳәаҩ Арета Франклин лыԥсҭазаара далҵит. Лара раԥхьатәи ԥҳәысуп, зыхьӡ рок-н-ролл ахьӡ-аԥша Азал аҿы ианырҵаз, 2008 шықәса рзы Rolling Stone лара аҭоурых аҿы иреиӷьу ашәаҳәаҩ ҳәа лхырҳәааит.

АҞӘА, нанҳәа 17 — Sputnik. 76 шықәса ирҭагылаз асоул-шәаҳәаҩ Арета Франклин лыԥсҭазаара далҵит. Абри атәы аанацҳаит амаҵзура Associated Press.

Франклин 76 шықәса лхыҵуан, лара акьыбачымазара лыман.

"Ажәақәа узыԥшаауам ҳгәыхь аарԥшразы. Ҳҭаацәа агәыцә хада даҳцәыӡит", — ашәаҳәаҩ лҭаацәа ражәақәа аанагоит амаҵзура.

2010 шықәса рзы Франклин акьыбачымазара лыдырбалеит. Асценахь аҵыхәтәантәи акәны дцәырҵит 2017 шықәса рзы.

Франклин иланашьахахьан 18 "Грэмми", ирҭихьан лашәақәа зныз 75 миллион пластинка. Ахит-парад Billboard иалахәын лашәақәа 112. Ашәақәа 20 ахит-парад R&B аҟны аԥхьахә ранашьан: Respect, Chain Of Fools, I Never Loved a Man (The Way I Love You) и Bridge over Troubled Water.

Еиҳа еицырдыруа ашәаҳәаҩ лкомпозициа ҳәа ишьоуп — I Say A Little Prayer.

Ажәабжьқәа зегьы
0