Афганистан ахада иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргылан

© Sputnik / Grigoriy Sysoyev / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАшраф Хакими общается с болельщиками после матча группового этапа чемпионата мира по футболу между сборными Испании и Марокко
Ашраф Хакими общается с болельщиками после матча группового этапа чемпионата мира по футболу между сборными Испании и Марокко - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩашаҽны Кабул иҟоу атәыла ахада итәарҭа ракетала иаехсын.

АҞӘА, нанҳәа 21 — Sputnik. Кабуле, Афганистан ахада Ашраф Гани Кәырбан-баирам аныҳәа атәыла ауааԥсыра ианрыдиныҳәалоз аамҭазы аракетатә лахысра мҩаԥган ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Tolo news адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

На месте взрыва в Кабуле, Афганистан - Sputnik Аҧсны
Атеррорист актқәа мҩаԥган Афганистан

АИХ ишырҳәо ала ахысра мҩаԥган асааҭ 9:00 рзы. Аракетатә лахысра хықәкны иаман атәыла апрезидент итәарҭеи аиҳабыратә квартали. Уаҟоуп аҳәаанырцәтәи ацҳаражәҳәарҭақәа реиҳаракгьы ахьыҟоу.

Иҭахази ааха заузи рыӡбахә макьаназ иалацәажәом.

"Иҟоуп афганистан аҿиара иаӷацәоу, аха урҭ уаҵәтәи амш рзаанкылом", — иҳәеит абри ашьҭахь Ашраф Гани.

Афганистан ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа ҩыџьа атеррористцәа рҭархара рылшеит.

Уажәтәи аамҭазы ақәылаҩцәеи аиҳабыратә мчрақәеи рыбжьара аиҿахысра цоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0