Аҭынчраз Нобель иаԥхьахә роуит Денис Муквегеи Надиа Муради

© AFP 2023 / JONATHAN NACKSTRANDМемориал Альфреду Нобелю
Мемориал Альфреду Нобелю - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭынчраз аԥхьахә 19-тәи ашәышықәсазы Альфред Нобель ишьаҭаиркыз аԥхьахәқәа хәба ируакуп.

АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik. 2018 шықәсазы аҭынчраз аԥхьахә ранашьоуп Денис Муквегеи Надиа Муради аибашьраҿ ацәаԥҽра ахархәара аҟамзаара аҽазышәараз. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Денис Муквеге — конготәи агинеколог, ацәаԥҽратә нырра иахысыз ауаа рыцхырааразы агоспиталь Панзи ашьаҭаркыҩ, ҳаамҭазы иналукаааша агинеколог, зықьҩылаа ҳәса рыԥсҭазаарақәа еиқәзырхаз. Надиа Мурад — ирактәи азинхьчаҩ, "Исламское государство"* аҟны иҭҟәаны ирымаз, ацәаԥҽра зхызгаз ацхыраара рызҭоу ауаажәларратә усзуҩ.

Аҭынчраз аԥхьахә 19-тәи ашәышықәсазы Альфред Нобель ишьаҭаиркыз аԥхьахәқәа хәба ируакуп.

Сынтәа аԥхьахә аиураз иқәгылан 329-ҩык акандидатцәа, урҭ рҟынтәи — 112 уаажәларратә еиҿкааран.

Традициак аҳасабала ишышьақәгылоу еиԥш Нобель иаԥхьахә алауреатцәа аԥхьахә рыҭара ацеремониа мҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 10 рзы, иара ашьаҭаркыҩ, швециатәи анаплакҩы Альфред Нобель (1833-1896) иԥсраҽны.

Нобель ишьаҭаиркыз аԥхьахәқәа хәба рҟынтәи ԥшьба Стокгольм ирырҭоит. Аҭынчраз аԥхьахә заҭәашьоу Осло ирырҭоит.

2018 шықәсазы аԥхьахә иартәоит 9 миллионк швециатә крон (940 000 доллар).

Ажәабжьқәа зегьы
0