Урыстәылатәи С-400 Индиа иаанахәоит

© Министерство обороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВоенные учения "Восток-2018"
Военные учения Восток-2018 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владимир Путин Индиа иҟазаараан аилаӡара анапы аҵаҩын.

АҞӘА, жьҭаара 5 — Sputnik. Урыстәылеи Индиеи аилаӡара рыбжьарҵеит Ниу-Делиҟа акомплексқәа С-400 рынашьҭразы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости атәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Путини Индиа аԥыза-министр Нарендра Модии иазгәарҭеит атәылақәа рыҩба арра-техникатә усеицура рҭахны ишыҟоу, уи наҟ-ааҟгьы афеидара шырзалоу.

Иҿыцӡоу азенитн-ракетатә системақәа раахәаразы Индиа 5,43 миллиард доллар ашәароуп. Индиа, "Триумфқәа" аазхәо ахԥатәи тәылоуп Китаии Ҭырқәтәылеи рышьҭахь.

С-400 "Триумф" — иҿыцӡоу азенит-ракетатә система, азырхоуп авиациа, аракетақәа, адгьылтә обиектқәа рҭархара. Иара алшара 400 километра иҟоуп, ҵәҩанҵәтәи аҳаракыра – 30 километра.

Путини Модии С-400 "Триумф" аахәара иалацәажәахьан 2016 шықәса рзы.

Индиа иамоу абџьармчқәа 70% урыстәылатәи ҭыжьымҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0