Москва амҵан МиГ-29 акаҳара авидео цәыргоуп

Анапаҵаҩра
Аҳаирплан каҳаит Москватәи аобласт, Коломенсктәи араион, ақыҭа Дмитровское иахьаҵанакуа аҭыԥ аҿы. Иҟалаз ахҭыс аҭҵааразы иаԥҵоуп акомиссиа ҷыда.

АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik. Арратә истребитель МиГ-29 Москва амҵан икаҳаит. Иҟалаз ахҭыс авидео аҟны иҭырхит избаз ауаа. Акадырқәа асоциалтә ҳа "ВКонтакте" аҿы ицәыргоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Уаанӡатәи амаҵзура аусзуҩцәа иҿцәажәон азинмчратә структурақәа рхаҭарнак.

"Аҳаирплан каҳаит ақыҭа Дмитровское иахьаҵанакуа аҭыԥ аҿы. Иҟалаз зыхҟьаз амзызқәа уажәы рыҭҵаара иаҿуп. Апилотцәа рҩыџьагьы ианаамҭаз аҳаирплан ааныжьра иахьӡеит", — ҳәа амаҵзура иазеиҭеиҳәеит иара.

Иҟоу адыррақәа рыла аԥрыҩцәа аҳаирплан аиланхарҭа ҭыԥқәа ирхыганы аӡәгьы дахьнымхоз аҭыԥқәа рахь ахы дырхеит.

МиГ-29 асовет/урыстәылатәи аҳаирплан. Иара авиациеи адгьылтә обиектқәеи рықәгара иазырхоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0