"Ты супер!" ахԥатәи асезон аҽалархәразы арзаҳалқәа рыдыркылалоит

Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы вокалтә еиндаҭлара "Ты супер!" аҽалархәразы арзаҳалқәа рыдыркылалоит абҵара 20 2018 шықәса рҟынӡа.

АҞӘА, жьҭаара 9 – Sputnik. Ателеканал НТВ-и, аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik, ателехәаԥшцәа иҟарҵаз аҳәарала иаздырхиоит апроект ҿыц "Ты супер!". Апроект алахәылацәа ироуеит алшара атәыла иреиӷьу арҵаҩцәа, азыҟаҵаҩцәа аус рыцура, рхы аарԥшра, аҩызцәа ҿыцқәа рыԥшаара. 

Ты супер! аҟны  иаиааиз Валериа Адлеиаԥҳа ауада лоуит - Sputnik Аҧсны
"Ты супер!" аҟны иаиааиз Валериа Адлеиаԥҳа ауада лоуит

Авокалтә конкурс аҟны алхрақәа мҩаԥысуеит уаанӡеиԥш. Акастинг иалахәхоит зҭаацәара зцәыӡыз ахәыҷқәа, ашкол-интернатқәа рҟны ирааӡо мамзаргьы атәым ҭаацәарақәа рҟны ирааӡо.

Акастинг уалахәхарц азы аелектронтә ԥошьҭахь ашәҟәы нашьҭтәуп: info.abk@sputniknews.com Sputnik Аԥсны аредакциа.

1. Акастинг алахәыла ихы дахьахцәажәо авидео (ихьӡ, ижәла, ишықәс, дахьатәиу аҭыԥ, истатус: ахәыҷқәа рыҩнаҿы дынхо/ аҭаацәараҿ дыҟоу) иара убасгьы ахәыҷы иқәгыларақәа.

2. Арзаҳал.

Алхратә тур алҵшәақәа еилкаахоит 2019 шықәса аӡынразы.

Амузыкатә проект Ты супер! алахәыла Валериа Адлеиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Валериа илыцгәырӷьон

Аԥхьатәи апроект "Ты супер!" мҩаԥысит Урыстәыла Аҵареи аҵарадырреи рминистрра адгыларала. Апроект амҩаԥгаҩыс дыҟан Вадим Такмениов. Ахәыҷтәы вокалтә еиндаҭлара "Ты супер!" мҩаԥысуит ателеканал НТВ аҟны жәабран 11 инаркны. Апроект азы инарҭбаау аинформациа аиура алшон НТВ асаит аҟны. Ашоу иазкыз ажәабжьқәа рдырра алшон Sputnik Аԥсны аресурсқәа рҟны. Аинформациатә маҵзуреи арадио Sputnik хылаԥшра арҭон аиндаҭлара амҩаԥысшьа. Иара иалахәын 92-ҩык авокалистцәа: Урыстәыла, Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Беларуссиа, Қырҭтәыла, Ҟазахсҭан, Кыргызсҭан, Молдавиа, Украина, Естониа, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи.

Аконкурс ажиури иалахәын: Маргарита Суханкина, Елка, Виктор Дробыш, Стас Пиеха.

Аԥсны ахьӡала апроект "Ты супер!" далахәын Очамчыратәи ашкол-интернат ааӡамҭа Валериа Адлеиаԥҳа. Аиааирагьы лгеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0