Никол Пашиниан ԥхьатәара дцеит

© Sputnik / Aram Nersesyan  / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыборы премьер-министра Армении
Выборы премьер-министра Армении - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ермантәыла Аконституциа инақәыршәаны атәыла аԥыза-министр ԥхьатәара данца ашьҭахь жәиԥшьымш рыҩныҵҟа аԥыза-министр ҿыц далхтәуп. Алхрақәа ҩынтә изышьақәымгылар апарламент аилазаара аурышьҭуеит, изаамҭанытәым апарламенттә алхрақәа мҩаԥыргоит.

АҞӘА, жьҭаара 17 — Sputnik. Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниан Ауаажәларратә телехәаԥшрала аҳәамҭа ҟаиҵеит инапынҵақәа шышьҭеиҵо азы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Сара ԥхьатәара сцоит. Алхрақәа раан зегьы ақәҿиарақәа рзеиӷьасшьоит. Алхрақәа ламысцқьала ишымҩаԥысуаз агәра шәҳаргоит", — иҳәеит иара.

Иара убасгьы иҳәеит апарламенттә алхрақәа рҟынӡа инапынҵақәа шынаигӡало.

Никол Пашинян - Sputnik Аҧсны
Никол Пашиниан Ермантәыла Аԥыза-министрс далхуп

Ермантәыла Аконституциа инақәыршәаны атәыла аԥыза-министр ԥхьатәара данца ашьҭахь жәиԥшьымш рыҩныҵҟа аԥыза-министр ҿыц далхтәуп. Алхрақәа ҩынтә изышьақәымгылар апарламент аилазаара аурышьҭуеит, изаамҭанытәым апарламенттә алхрақәа мҩаԥыргоит.

Пашиниан жьҭаара 2 рзы идгылаҩцәа аҿагыларатә акциа амҩаԥгарахь дрыԥхьеит иара убасгьы аминистрцәа амихит. Жьҭаара 8 рзы Пашиниан алаҳәара ҟаиҵеит апартиа "Процветающая Армения" аиҳабы Гагик Царукиани иареи ԥхынҷкәынмзазы заанаҵтәи апарламенттә алхрақәа рымҩаԥгаразы амеморандум рнапы шаҵарҩыз азы.

Мшаԥымза 13 инаркны атәылаҿ аоппозициа рықәгыларақәа мҩаԥысуан. Уаанӡа атәыла ахадас иҟаз Серж Саргсиан иҿагылон иаргьы ԥхьатәара дцар акәхеит. Лаҵарамза 8 рзы апарламент атәыла аԥыза-министрс далырхит аоппозициа ахада Пашиниан.

Ажәабжьқәа зегьы
0