Урыстәыла апрокуратурахь аҳәара ҟарҵеит атәылаҿ ареп-концертқәа аԥыххарц

CC0 / / Концерт
Концерт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абри аԥшьгаҩ игәаанагарала ареп-концертқәеи ареп-батлқәеи шамахамзар аимакқәа, аисрақәа, анаркотикқәа рыларҵәара уҳәа ирҭыԥны иҟалоит.

АҞӘА, абҵара 1 — Sputnik. Ленинградтәи аобласт азакәанԥҵаратә еизара Владимир Петров Урыстәыла апрокурор хада Иури Чаика иахь аҳәара ҟаиҵеит аҿар рыбжьара аҭагылазаашьа ҭышәынтәалаанӡа атәылаҿы ареп-концертқәа рымҩаԥгара аанкылахарц. Абри атәы аҩуеит РИА Новости.

"Сшәыҳәоит азхәыцра ашәҭарц Урыстәыла иахьаҵанакуа апсевдомузыка аконцертқәа, ареп-концертқәа рымҩаԥгара аанышәкыларц аҿар рыбжьара аҭагылазаашьа ҭышәынтәалаанӡа", — ҳәа иҩуеит Петров Чаика изынаишьҭыз ашәҟәаҿы.

Аполитик игәаанагарала аҵыхәтәантәи аамҭазы ауаажәларра рыбжьара аҭыԥ амоуп аимак-аиҿак аҟазаратә рҿиамҭақәа рҿы агәыҩбара зцу асахьаркыратә ҵакы аҭыԥ амазааразы. Иара иазгәеиҭоит иахьатәи аҿар ирылаҵәоу ашәақәа рҟны ишуԥыло аекстремизм, анационализм уҳәа рахь ааԥхьарақәа.

"Аҿар бзиа ирбо амузыкалтә композициақәа рҟны иаартны иадрыԥхьалоит асуицид, анаркоманиа, асатанизм, аекстремизм", — иҩуеит адепутат.

Ажәабжьқәа зегьы
0