Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адҵа ҟанаҵеит Вышински доурышьҭырц

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание министерства иностранных дел России
Здание министерства иностранных дел России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва Киев ахь адҵа ҟанаҵеит апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински ихы дақәиҭыртәырц.

АҞӘА, абҵара 2– Sputnik. Москва украинатәи амчрақәа рахь адҵа ҟанаҵеит апортал РИА Новости Украина ахада Кирилл Вышински ихы дақәиҭыртәырц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Мариа Захарова лажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Рассмотрение апелляции по делу журналиста К. Вышинского - Sputnik Аҧсны
Херсонтәи аӡбарҭа Вышински иаанкылара аҿҳәара иацнаҵеит

"Ҳара аофициалтә Киева идҵаны иазықәҳаргылоит апортала РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински хьаҳәа-ԥаҳәада ихы дақәиҭтәызарц", — лҳәеит Захарова абрифинг аҿы, Москва.

Уаанӡа ОБСЕ АИХ ахақәиҭрақәа рзы ахаҭарнак Арлем Дезир Киев ахь ихы рханы иҳәахьан ажурналист иус ирласны еилдыргарц.

Иахьа Херсонтәи ақалақьтә ӡбарҭа апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински иаанкылара аҿҳәара иацнаҵеит ԥхынҷкәын 28 рҟынӡа, ҳәа аанацҳаит РИА Новости.

"Вышински иаанкылара аҿҳәара иацҵоуп ԥхынҷкәын 28 рҟынӡа", — иҳәеит иара идукат Андреи Доманскигьы.

Вышински иаанкылара уаанӡатәи аҿҳәара нҵәоит абҵара 4 рзынӡа. Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра аԥсахра мҩаԥигоит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазыԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Херсонтәи ақалақьтә ӡбарҭа лаҵара 17 рзы Вышински даанкылатәуп ҳәа аӡбара аднакылеит. Аӡбарҭа аилатәараан Вышински Урыстәыла ахада иахь ацхыраара даҳәеит. Иара убасгьы аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина атәылауаҩра мап шацәикуазы.

Владимир Путин аҭагылазаашьа зеиԥш ҟамлац ауп ҳәа ахиҳәааит.

Москва Киев аҿагыларатә нота азынанашьҭит, апресса ахаҭарнакцәа рықәымчра иаҟәыҵырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0