Амшцәгьа иахҟьаны агәаҟра иақәшәаз 560-ҩык амедицинатә цхыраара рыҭоуп

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛиквидация последствий наводнения на Кубани
Ликвидация последствий наводнения на Кубани - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амшцәгьақәа ирыхҟьаны аӡқәа хыҵны ауаа рынхарҭақәа ирыҵалеит. 1846 ҩны рахь аӡы неиит. Абарҭ амшқәа рзы афымцалашара ахьыҟамыз рацәоуп. Аҭыԥ аҿы аҭагылазаашьа ҷыда арежим аԥҵоуп, иҟоуп зынхарҭа ҭыԥқәа ирхыгоу ауаагьы.

АҞӘА, абҵара 2— Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аҭыԥантәи АҶР аоперативтә штаб ахаҭарнак РИА Новости иазеиҭеиҳәеит аӡхыҵрақәа ирыхҟьаны аахақәа зауз рхыԥхьаӡара 720-ҩык ыҟоуп ҳәа.

Ликвидация последствий подтопления на Кубани - Sputnik Аҧсны
Амшцәгьақәа ирыхҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара иацлеит

"Ахәаша, асааҭ 06:00 инақәыршәаны ашәҟәы иҭагалоуп 722-ҩык ауааԥсыра", — ҳәа иҳәоит АҶР ахаҭарнак. Иара иазгәеиҭеит ахәышәтәырҭақәа ишырҭо 26-ҩык ауаа. Аҭыԥ аҿы ацхыраара рыҭан 690-ҩык.

Аамҭала ауаа ахьынхо аҭыԥқәа рҿы иахьатәи аамҭазы иҟоуп 160-ҩык. Урҭ рҟынтәи 49-ҩык хәыҷқәоуп.

Краснодартәи атәылаҿацә аҿы циклон ҳасабла ииасыз амшцәгьа иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара фҩык рҟынӡа инаӡоит. Аҽа хҩык аахақәа рымоуп, аӡәы хабарда дыбжьаӡуп.

Амшцәгьақәа ирыхҟьаны аӡқәа хыҵны ауаа рынхарҭақәа ирыҵалеит. 1846 ҩны рахь аӡы неиит. Абарҭ амшқәа рзы афымцалашара ахьыҟамыз рацәоуп. Аҭыԥ аҿы аҭагылазаашьа ҷыда арежим аԥҵоуп, иҟоуп зынхарҭа ҭыԥқәа ирхыгоу ауаагьы.

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0