Boeing 737 Max арныҟәага-хәҭақәа рыԥшааит

© Sputnik / Сора Соча / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКрушение Boeing 737 в Индонезии
Крушение Boeing 737 в Индонезии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡатәи адыррақәа рыла аԥшааратә командақәа аӡаҵаӡа иҭыргеит икаҳаз аҳаирплан атәарҭақәа, ашасси.

АҞӘА, абҵара 2 — Sputnik. Индонезиа арратә мчрақәа рыԥшааратә хәҭа ҷыда (Kopaska) ирыԥшааит аҳаиртә еилахәыра Lion Air иатәыз аҳаирплан арныҟәага-хәҭақәа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости соагазеҭ Jakarta Post адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Самолет авиакомпании Lion Air - Sputnik Аҧсны
Апассаџьыртә Boeing 737 Иава иацәыхарамкәа икаҳаит

"Ҳара иахьа аҳаирплан ахьҭажьу аҭыԥ ҳәа иахьаҳаԥхьаӡо аӡаҵаҟатәи аԥшааҩцәа лбааҳашьҭуеит", — ҳәа акомандир иажәақәа еиҭарҳәоит амаҵзураҿы.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла аԥшааратә командақәа аӡаҵаӡа иҭыргеит икаҳаз аҳаирплан атәарҭақәа, ашасси. Аԥшааратә усурақәа шымҩаԥысыц имҩаԥысуеит.

Авиаеилахәыра Lion Air иатәыз аҳаирплан Boeing 737 MAX б Џьакартантәи адгьылбжьаха Суматраҟа иԥрит асааҭ 02.20 рзы. Арадарадарқәа рҟны абара ыӡит асааҭ 02.33. Индонезиатәи ажәабжьтә портал Detik.com ишаҳәо ала аҳаирплан иҭан 188-ҩык ауааԥсыра.

Ахҭыс ахьыҟалаз иацәыхарамыз аӷбақәа ркаԥданцәа адырра ҟарҵеит аҳаирплан Мраҭашәаратәи Иава амшынԥшаҳәаҿ ишырбаз.

Амшынуаа рҟынтәи аԥхьатәи адырра ҟаҵан асааҭ 06.45 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0