Акосмос аҟны адгьылнҭыҵтәи ацивилизациа рыӷба рбеит ҳәа агәаанагара рымоуп

© Фото : Juskteez VuЗвездное небо
Звездное небо - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астрофизикцәа астроид акосмостә сабеи иареи реинҟьараан аԥырхага шамоушала еиҿкаауп, агалактикақәа рыбжьара аԥырра алзыршо акапан маҷ амоуп.

АҞӘА, абҵара 6 — Sputnik. Гарвард-Смитсоновсктәи астрофизика ацентр аҵарауаа Шмуель Биалии Абрахам Леби аеҵәабжьаратә астероид Оумуамуа апланетанҭыҵтә ҭаԥшыхәра иазырханы ирыԥхьаӡоит иара азонд асахьа аҭаны ишеиҿкаау азы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Корнеллтәи ауниверситет абиблиотека апортал адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Астрофизики иазгәарҭоит астероид Амратә система анааннажь ашьҭахь арццакыра иацнаҵеит ҳәа. Аҵарауаа афизикатә ԥҟаррала уи аццакыра иагнархар акәын ҳәа. Асеиԥш ахымҩаԥгашьа акометақәа ирҟазшьаӡам.

Аҵарауаа ргәаанагарала аобиект амралашара аныррала ауп аиҭыҵра шалшоз. Асеиԥш иҟоу аенергиа адгьылнҭыҵтә обиект Агалактикаҿ амратә хыҵхырҭа ада аҽак аҭахымкәа аныҟәара алнаршоит.

Аобиект ԥсабаратәызар алшоит ҳәа агәаанагара шыҟоугьы Биалии Лебии зегь дара роуп агәаанагара рымоуп иара ажәытә космостә ӷба иаҟәырҷахазар алшоит ҳәагьы.

Абас ала астрофизикцәа Оумуаму инапылаҟаҵароу обиектзар ҟалоит ҳәагьы агәаанагара рымоуп.

Оумуаму — аеҵәабжьаратә обиект, Амратә системаҿ раԥхьаӡа акәны иара гәеиҭеит Роберт Уерик, жьҭаара 19 2017 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0