Америкатәи АИХ: Урыстәыла иалшоит ЕАШ арбџьар мчқәа рҿагылара

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраIV Международный военно-технический форум "Армия-2018". День третий
IV Международный военно-технический форум Армия-2018. День третий - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аруаа рылшарақәа реиҳатәреи арадиоелектронтә ҿагылараз ахархәагақәа рхыԥхьаӡара аизырҳареи америкатәи БПЛА афлот азы ишәарҭоуп ҳәа ахырҳәаауеит аекспертцәа.

АҞӘА, абҵара 6 — Sputnik. Урыстәыла еиҳа-еиҳа алшарақәа ирыцлоит аԥырҩы дызҭам аԥрыгақәа (БПЛА) рҿагыларазы. Уи ЕАШ азы ауадаҩрақәа аҵоуп, избанзар ЕАШ еиҳарак БПЛА ахархәара иақәгәыӷуеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости америкатәи апортал The National Interest адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Урыстәыла ушьҭа акрааҵуеит арадиоелектронтә хархәагақәа ахьаԥшра рнаҭоижьҭеи. Астатиа автор иазгәеиҭоит 2011 шықәса рзы ахы ишанархәаз Урыстәыла иаԥҵаз акомплекс "Автобаза", америкатәи БПЛА RQ-170 аанкыларазы.

2017 шықәса жьҭаарамзазы иӡырган аԥырҩы дызҭам аԥрыгақәа адгьыл аҟынтәи ркажьра алзыршо акомплекс ҳәа азгәанаҭоит The National Interest.

Америкатәи БПЛА ракәзаргьы рҟазшьақәа еиӷьыртәуеит, аха дара радиоеимадарада инхар алшоит. Уи ахы ианархәоит Урыстәыла ҳәа азгәанаҭоит The National Interest.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла 2018 шықәса рзы Ацентртә арратә округ ахь ахархәараз инашьҭын БПЛА аҿагыларазы акомплекс ҷыда "Силок". Иара ҳаамҭазтәи иреиӷьӡоу комплексны ишьоуп.

Акомплекс аус аднаулеит арратә концерн "Созвездие".

Ажәабжьқәа зегьы
0