Америка асенат аҿы ареспубликанеццәа реиҳараҩык шыҟаз иаанхеит

© AFP 2023 / SAUL LOEB Здание Капитолия в Вашингтоне
Здание Капитолия в Вашингтоне - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩашаҽны 100-ҩык асенаторцәа рҟынтәи иалырхраны иҟоуп 35-ҩык асенаторцәа, урҭ рахьтә ааҩык ареспубликанеццәа заҵәык ракәын уаанӡа иҟаз.

АҞӘА, абҵара 7 — Sputnik. Абжьаратә алхрақәа реихшьаала инақәыршәаны, ЕАШ асенат аҿы ареспубликанеццәа аԥыжәара шрымаз иаанхеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ателеканал NBC адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Иҟоу агәаанагарақәа рыла, ареспубликатә партиа ахаҭарнакцәа 52 ҭыԥ роуеит. Иахьазы ареспубликанеццәа асенат аҿы 51 ҭыԥ рымоуп. Ҭыԥк рцәыӡыргьы 50/50 ҳәа иҟало ашьҭахь ахада ихаҭыԥуаҩ Маик Пенс имоу азинмчра инақәыршәаны ибжьы иҭиир ҟалоит. Адемократцәа асенат аҿы аԥыжәара рымазарц ианеиҵаха 51 бжьы рымазароуп.

Ателеканалқәеи аинформациатә маҵзура Ассошиеитед Пресси иазыԥхьагәарҭоит штатқәак рҟны абыжьқәа рыԥхьаӡаанӡагьы аԥыжәара зго удырыртә ишыҟоу. Арҭ азыԥхьагәаҭарақәа официалтәым, аха иара убри аан шамахамзар аҵыхәтәантәи алҵшәақәа ирықәшәалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0