Еиду Америкатә штатқәа рҟны абаллистикатә ракета ԥыршәеит

© AP Photo U.S. Air ForceТестовый запуск ракеты Minuteman III,архивное фото
Тестовый запуск ракеты Minuteman III,архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еиду аштатқәа рырбџьармчқәа аконтинентбжьаратә баллистикатә ракета Minuteman III ԥыршәеит.

АҞӘА, абҵара 8– Sputnik. Еиду Америкатә штатқәа рырбџьармчқәа изаамҭанытәиу аконтинентбжьаратә баллистикатә ракета Minuteman III ԥыршәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости FoxNews адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Ателеканал адыррақәа рыла, аракета изаамҭанытәииз арԥырра мҩаԥысит аҩаша ауха, аштат Калифорниа аладатәи ахәҭаҿы иҟоу абаза Ванденберг аҟынтәи. Аракета аԥырра маншәаланы имҩаԥысит иара зықәкыз ацәҟьараҟынӡа инаӡеит. Аԥышәараз еиҳа инарҭбаау информациа ыҟам.

Сынтәатәи ашықәс азы Minuteman III мшаԥымзазгьы идырԥырхьан. Нанҳәамзазы аракета аԥырра аанкылан иамаз агха-ԥхақәа ирхырҟьаны.

Аконтинебжьаратә баллистикатә ракетақәа аԥхьа иззырхаз СССРи ЕАШи рыбжьара "аибашьра хьшәашәа" аамҭақәа раан СССР аиадертә мчра аанкылара акәын.

Уажәы Minuteman III — ЕАШ арбџьармчқәа рҿы иҟоу адгьыл аҟынтә идырԥыруа ракета заҵәуп. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Вашингтон иамоуп 450 ракета Minuteman III.

Minuteman III ЕАШ рҟны ахархәара амоуп 1970 шықәса раахыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0