Атеррористцәа Идлиб адемилитаризациатә зона ашьақәыргылара иаԥырхагоуп

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСирийская армия в провинции Идлиб
Сирийская армия в провинции Идлиб - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәылатәи Идлиб адемилитаризациатә зона ашьақәыргылара атеррористцәа аԥырхагоуп ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

АҞӘА, абҵара 8– Sputnik. Идлиб адемилитаризациатә зона аиҿкаара ахыркәшара аӡбахә макьаназ аҳәара заацәоуп ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Мариа Захарова. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Идлиб. Сирия - Sputnik Аҧсны
"Ан-Нусреи" "Акаска шкәакәақәеи" Идлиб ааигәара ахимиатә бџьар еизыргоит

"Амеморандум ишазыԥхьагәанаҭо ала, апрактикаҿ адемилитаризациатә зона ашьақәыргылара мҩаԥгоуп ҳәа аҳәара заацәоуп. "Ан-Нусра" атеррористцәеи дара рыдгылаҩцәеи есыҽны апровокациақәа мҩаԥыргоит", — ҳәа лҳәеит аминистрра ахаҭарнак.

Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рхадацәа Владимир Путини Реџьеп Таип Ердогани цәыббра 17 рзы Шәача реиԥылараан атәылақәа рыҩба ртәылахьчара аминистрцәа рнапы аҵарҩит Идлибтәи азонаҿ аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы амеморандум. Путин иҳәеит жьҭаара 15 рзынӡа аоппозициа рыри атәыла аиҳабыра рыри ахьеиныруа аҭыԥ аҿы адемилитаризациатә зона шьақәыргылахарц, жьҭаара 10 рҟынӡа ари аҭыԥ аҿынтәи атехника хьанҭа алгазарц.

Аха, жьҭаара 15 рзы Ҭырқәтәылатәи аган ашәарҭадара адгылара ахьазыҟамҵаз инадҳәаланы азона рзышьақәмыргылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0