Трамп Флорида алхрақәа рымҩаԥгараан аԥаршеирақәа аҭыԥ рыман иҳәоит

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДональд Трамп
Дональд Трамп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Америка ахада Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит Флорида абжьаратә лхрақәа раан аԥаршеирақәеи акоррупциеи аҭыԥ рыман ҳәа.

АҞӘА, абҵара 9 — Sputnik. ЕАШ ахада Дональд Трамп иҳәеит азинхьчаратә усбарҭақәа аштат Флоридаҿ асенат ахь алхрақәа рымҩаԥгараан аҭыԥ змаз аԥаршеирақәа ргәаҭара иаҿуп ҳәа. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

Абиуллитенқәа анырыԥхьаӡа ашьҭахьтәи аихшьаалақәа инарықәыршәаны Флорида иахьатәи агубернатор, ареспубликанец Рик Скотт 50,21% абжьы иоуеит, асенатор-демократ Билл Нельсон — 49,79%. Иаҵахаз аполитик абжьқәа еиҭарыԥхьаӡарц адҵа ҟаиҵеит.

"Уажәы азинхьчаратә усбарҭақәа аштат Флорида ақалақьқәа Броуарди Палм-Бичи рҿы асенат ахь алхрақәа рымҩаԥгараан аҭыԥ змаз аԥаршеирақәа ргәаҭара иаҿуп", — ҳәа иҩуеитТрамп Twitter аҿы.

Скотт иакәзар азинхьчаратә усбарҭақәа рахь ашшыԥхьыӡ неишьҭит аокруг Броуард аҿы алхрақәа ркоординатор Бренд Снаипс иганахь ала. Агубернатор ишьақәирӷәӷәоит Снаипс иофис абыжьқәа рыҭиразы аинформациа аҵәахуан ҳәа.

ЕАШ абҵара 6 рзы имҩаԥысит аконгресс ахь абжьаратә лхрақәа. Ареспубликанеццәа ишыҟаз еиԥш асенат аҿы реиҳара аанхеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0