Амшцәгьақәа ирхырҟьаны Италиа аҭагылазаашьа ҷыдақәа алагалоуп

Анапаҵаҩра
Италиатәи аобластқәа 11 рҟны жьҭаара 26-27 рзы аҭыԥ змаз амшцәгьақәеи аӡхыҵрақәеи ирхырҟьаны аҭагылазаашьа ҷыдақәа алагалоуп.

АҞӘА, абҵара 9 – Sputnik. Италиа аминистрцәа реилазаара аҳәамҭа ҟанаҵеит Италиатәи аобластқәа 11 рҟны жьҭаара 26-27 рзы аҭыԥ змаз амшцәгьақәеи аӡхыҵрақәеи ирхырҟьаны аҭагылазаашьа ҷыдақәа алагалоуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп арҭ амшқәа рзы ааха зауз ауааԥсыреи атәыла араионқәеи ацхыраара рыҭара еиҳа арццакразы.

Аиҳабыра реилатәара аихшьаалақәа рыла аԥшьаша ауха аҭагылазаашьа ҷыда алагалан араионқәа 20 рҟны: атәыла аҩадатәи ахәҭаҿы, адгьылбжьахақәа Сардиниеи Сицилиеи, ацентртә областқәа, Апенинтәи амшынԥшаҳәа мраҭашәаратәи ахәҭаҿы.

Атәыла аԥыза-министр Џьузеппе Конте ишиҳәаз ала аминистрцәа реилазаара аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразтәи ауснагӡатәқәа ирзоунажьит 53,5 миллион евро.

"Аҽа 200 миллион арҭ аусурақәа ирзоужьхараны иҟоуп", — ҳәа иҩуеит аԥыза-министр Twitter аҿы.

Италиа, жьҭаара 26-27 рзы аҭыԥ змаз аԥсабаратә рыцҳара аан иҭахеит 32-ҩык ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0