Донецк алхрақәа рҿы ахада инапынҵақәа назыгӡо Денис Пушилин аԥыжәара имоуп

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыборы в Донецкой народной республике
Выборы в Донецкой народной республике - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Донецктәии Лугансктәии жәлар рреспубликақәа рҿы амҽыша, абҵара 11 рзы ахадацәеи апарламентқәа рдепутатцәеи ралхра мҩаԥысуан.

АҞӘА, абҵара 12– Sputnik. ДЖәР аҿтәи алхрақәа рҿы Донецктәи жәлар республика ахада инапынҵақәа назыгӡо Денис Пушилин аԥыжәара имоуп 60,9% бжьы рыла ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭалҳәеит Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ольга Поздниакова, 97,52% ԥкаанҵа агәаҭара ианахрыжь ашьҭахь ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"385 алхратә комиссиа иҭырҵааит 97,52% биуллетень. Донецктәи жәлар республика аҿы абыжьқәа абасеиԥш еихшоуп: Евстифеев Роман Николаи-иԥа – 7.8%, Медведев Владимир Анатоли-иԥа – 6,4%, Пушилин Денис Владимир-иԥа – 60,9%, Храменков Роман Александр-иԥа – 14,1%, Шишкина Елена Николаи-иԥҳа – 9,2%", — лҳәеит Поздниакова.

Донецктәии Лугансктәии жәлар рреспубликақәа рҿы амҽыша, абҵара 11 рзы ахадацәеи апарламентқәа рдепутатцәеи ралхра мҩаԥысуан.

Ажәабжьқәа зегьы
0