Turkish Airlines ԥшьынтәуп шықәсык аҩныҵҟа ахараԥса ақәырҵоижьҭеи

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСамолет. Архивное фото.
Самолет. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Авиаеилахәыра Turkish Airlines Шәача ахараԥса ақәырҵеит Ҭырқәтәылеи Аԥсни ртәылауаҩ закәаншьаҭада имҩангаразы. Апассаџьыр ипаспортқәа рыҩбагьы аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра азин ҟарҵомызт.

АҞӘА, абҵара 12 – Sputnik. Turkish Airlines ԥшьынтәуп шықәсык аҩныҵҟа ахараԥса ақәырҵоижьҭеи. Авиаеилахәыра Turkish Airlines Шәача ахараԥса ақәырҵеит, 38 шықәса зхыҵуа Ҭырқәтәылеи Аԥсни ртәылауаҩ закәаншьаҭада имҩангаразы.

Апассаџьыр ипаспортқәа рыҩбагьы аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра азин ҟарҵомызт.

Аԥснытәи апаспорт аҿҳәара нҵәеижьҭеи ҩышықәса ҵуан, ҭырқәтәылатәи апаспорт аҿы Урыстәыла авиза адырга ыҟамызт. Абри атәы аанацҳаит Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура.

Аҳәаанырцәтәи ауаҩы административтә ҭакԥхықәраны 100 000 мааҭ ашәара идҵаны ишьҭахьҟа ддыргьыжьит.

Ажәабжьқәа зегьы
0