"Роскосмос" аорбитахь инанашьҭуеит аспутник ҿыцқәа ԥшьба

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВывоз РКН "Союз-ФГ" с ТПК «Союз МС-10»
Вывоз РКН Союз-ФГ с ТПК «Союз МС-10» - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Роскосмос" иазыԥхьагәанаҭоит акосмос аҿы аобиект 500 километра рҟынӡа бжьаны аҭыхра зылшо аспутник ҿыцқәа ԥшьба акосмос ахь рышьҭра.

АҞӘА, абҵара 13– Sputnik. "Роскосмос" иазыԥхьагәанаҭоит акосмос аҿы аобиект 500 километра рҟынӡа бжьаны аҭыхра зылшо аспутник ҿыцқәа "Ресурс-ПМ" ԥшьба акосмос ахь 2022-2025 шықәсақәа рзы рышьҭра, иара убасгьы иазыԥхьагәаҭоуп Адгьыл ҭызҵаауа аспутникқәа "Ресурс-П" ҩба 2020 – 2021 шықәсқәа рзы аорбитахь рынашьҭра. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости "Роскосмос" акосмостә системақәа рнавигациа адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Валери Заичко иажәақәа ҵааҵӷәыс иганы.

Аспутникқәа "Ресурс-П" ирылшоит акосмос аҿы 400-500 километра ахьыбжьоу иҟоу аобиектқәа рҭыхра.

"Ресурс-П" аԥхьатәи ах-спутник аорбитахь инаган 2013, 2014, 2016 шықәсқәа рзы.

"Ресурс-ПМ" еиҳа амчхара змоу зтехникатә хаҭабзиарагьы ҳараку спутникқәоуп. Дара азырхоуп атапографиатә хсаалақәа рҭыхра, аԥсабара аҟьашьра ахылаԥшра, аекологиатә хылаԥшра, анефҭи агази рыԥшаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0