Акибершәарҭадаразы амаҵзура аԥҵаразы азакәан иалацәажәеит аконгресс аҿы

CC0 / / Акибершәарҭадаразы амаҵзура аԥҵаразы азакәан ибзиоуп ҳәа ахырҳәааит ЕАШ аконгресс аҿы
Акибершәарҭадаразы амаҵзура аԥҵаразы азакәан ибзиоуп ҳәа ахырҳәааит ЕАШ аконгресс аҿы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа ари адокумент ақәшаҳаҭра азыҟарҵахьан хыхьтәи апалатаҿ. Уажәы иара Дональд Трамп инапы аҵеиҩырц изынарышьҭуеит.

АҞӘА, абҵара 14 – Sputnik. ЕАШ аконгресс ҵаҟатәи апалата акибершәарҭадаразы амаҵзура аԥҵаразы азакәан ибзиоуп ҳәа ахырҳәааит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Вирус-вымогатель атаковал IT-системы компаний в разных странах - Sputnik Аҧсны
Акиберцәгьоуцәа Алиаскатәи ақалақьқәа руак интернетда инрыжьит

"Акибершәарҭара иааиԥмырҟьаӡакәа аҽаԥсахуеит. Ҳара Америка аинфраструктура ахьчара ҳазыхианы ҳаҟазароуп. Амилаҭтә хьчареи МВБ апрограммақәеи русбарҭа акибершәарҭадаратә маҵзура ала иԥсахтәуп",-ҳәа аминистрра ахада Кирстьен Нильсен иажәақәа аагоуп адокумент аҟны.

2016 шықәса рзы Урыстәыла Америка Ахада иалхрақәа аҽрыланархәит ҳәа ахарадҵа анарҭа ашьҭахь акибершәарҭа апроблема шьҭырхуа иалагеит. 2018 шықәса абҵарамзазы аконгресс ахь алхрақәа раангьы азинхьчаратә усбарҭақәа абжьыҭиратә система аинфраструктура аԥҽразы аҽазышәарақәа мҩаԥган ҳәа аҳәамҭақәа ҟарҵеит.

"Урыстәыла алхрақәа ралахәреи Трампи Урыстәылеи реимадареи" уҳәа реиԥш иҟоу ҵаҵӷәы змам аусқәа ҭырҵаауеит ЕАШ Аконгресс аҩ-палатак рҿы, ҷыдала уи аус ҭиҵаауеит ихьыԥшым апрокурор Роберт Миуллер.

Урыстәыла Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иакәзар арҭ аҽыԥныҳәақәа иарбанызаалак ҵаҵӷәы рыманы иҟам, баша ҽхырцәажәароуп ҳәа рхиҳәааит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0