Израиль Ливан иахьаԥну аҳәааҿы арратә операциа иалагеит

© AFP 2023 / ALI HASHISHOГраница Израиля и Ливана
Граница Израиля и Ливана - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Израиль Аҩадатәи арратә округ ар рахь ацхыраара нашьҭуп даргьы азыҟаҵаратә ҭагылазаашьа рымоуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 - Sputnik. Аоперациа "Северный щит" иалагеит израильтәи аруаа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Израиль иҟанаҵо аҳәамҭала аоперациа иахықәку ливантәи аиҿкаара "Хезболлах" атеррористцәа аурымқәа рҵакырадгьыл ахь изланарышьҭуа аҳәаа иаԥну атоннельқәа рыԥшаареи рырхәашареи роуп.

Истребители F-15 ВВС Израиля. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Израиль асектор Газа ракетала иалахысуеит

Израиль атәылахьчаратә ар аофициалтә хаҭарнак Ионатан Конрикус иажәақәа рыла асеиԥш иҟоу атоннельқәа акы аҵкьыс еиҳауп. "Ҳара ҳдыррақәа рыла урҭ иакым, иагьыҩбам. Макьаназ рхыԥхьаӡара салацәажәом", - иҳәеит иара.

Иара убри аан иазгәаҭоуп атоннельқәа макьаназ ахархәарахь ишрыҭам.

Афицар иажәақәа рыла аоперациа мҩаԥгахоит Израиль анапаҵаҟа иҟоу адгьылҵакыраҿ, Голантәи аҳаракырақәагьы абрахь иналаҵаны.

Тель-Авиви Беирути рыбжьара аиҿагылара аҭыԥ аманы иҟоуп Израиль ҳәынҭқаррак аҳасабала ишьақәгылеижьҭеи.

"Хезболлах" — ливантәи ашииттә еиҿкаароуп, политикатә партиоуп. Хықәкны иамоуп Ливан иахьаҵанакуа аԥсылман ҳәынҭқарра ашьаҭаркра. Аԥаразоужьра мҩаԥыргоит Шьамтәылеи Ирани.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0