Кабул официалла аталибцәа рыҿцәажәара иазыхиоуп

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВторое заседание московского формата консультаций по Афганистану
Второе заседание московского формата консультаций по Афганистану - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аофициалтә Кабул азыхиоуп иарбанызаалак азҵаарақәа рылацәажәара, атәыла Аконституциа ариашарақәа ралагаларагьы абрахь иналаҵаны.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 5— Sputnik. Аофициалтә Кабул азыхиоуп арадикалтә еиҿкаара "Талибан" рацәажәара ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Афганисҭан аҭынчразы Иреиҳаӡоу ахеилак аофициалтә хаҭарнак Ихсан Тахери иҟаиҵаз аинтервиу шьаҭас иганы.

"Уаанӡа аиҿцәажәара мҩаԥысырц азы еиуеиԥшым аԥҟарақәа ықәҳаргылон: Аконституциа ақәныҟәара, абџьар ашьҭаҵара уҳәа егьырҭгьы. Асеиԥш апозициа адиалог зынӡа иҟамло иҟанаҵеит. Иахьазы иҳаӡбеит иарбанызаалак ԥҟарак ықәмыргылакәа ҳаиҿцәажәарц", — иҳәеит Тахери.

70-летний разводчик голубей Абдул Гани кормит питомцев на крыше своего дома в афганском городе Герат - Sputnik Аҧсны
Кабул ҭынчымҩала аталибцәа рацәажәара агәҭакуп

Тахери иазгәеиҭеит Афганисҭан Аконституциа ариашарақәа рылагалара атема — аимак змоу аганқәа аҭынчраз аилацәажәарақәа ирылагалахар ҟалоит ҳәа.

Аталибқәа рыбжьарагьы аиҿцәажәаратә процесс аусура аларгара рҭахны иҟоуп иҳәеит Ихсан Тахери.

"Ҳара ҳақәгәыӷуеит атәыла аиҳабыреи "Талибан" ахаҭарнакцәеи реиҿцәажәара хара имгакәа иалагап ҳәа. Ишаадыруа ала аиҿцәажәара рҭахны иҟоуп "Талибан" анапхгарагьы", — иҳәеит Тахери.

Иара убасгьы иҳәеит Афганисҭан аиҳабыреи аталибцәеи реицәажәара абжьаҟазаҩцәа аҭахны ишыҟам, избанзар излацәажәо атәылаҿ ихымԥадатәиу аҭынчроуп.

Аталибцәа ракәзар ирҭахуп аиҳабыра рыҿцәажәара хацдыркаанӡа аҳәаанырцәтәи арбџьар мчқәа Афганисҭан аҵакыра иалгахарц. Дара ргәаанагарала уи хымԥадатәиуп атәыла аҩныҵҟатәи апроблемақәа рыӡбаразы.

Афганисҭан еиҿагыло амчрақәа аиҿцәажәара разыхиара азҵаара еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны иалацәажәоит. Убас, Москва, абҵара 9 рзы иарку аформат ала Афганисҭан азы аиԥылара мҩаԥган. Раԥхьаӡа акәны асеиԥш иҟоу жәларбжьаратәи аиԥылара иалахәын Доха иҟоу аталибцәа рполитикатә офис аделегациеи Афганисҭан аҭынчраз Иреиҳаӡоу ахеилак ахаҭарнакцәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0