ЕАШ аесминец Урыстәылатәи арратә база азааигәара имҩасит

© AFP 2023 / US NAVYРакетный эсминец ВВС США
Ракетный эсминец ВВС США - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Америкатәи аесминец ахашаҽны, ԥхынҷкәын 5 рзы Урыстәыла Аокеанҭынчтәи арратә база азааигәара имҩасны ицеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 — Sputnik. Америкатәи аракетатә есминец McCampbell ахашаҽны, ԥхынҷкәын 5 рзы Урыстәыла Аокеанҭынчтәи арратә база азааигәара имҩасны ицеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ЕАШ арратә мчрақәа рдырра ахы иархәаны.

"McCampbell Пиотр Дуӡӡа иӡыбжьахала ааигәара ииасит Урыстәыла амшын аҿтәи аҽыԥныҳәақәа рҭак ҟаҵо, ЕАШ-и егьырҭ атәылақәеи иртәу амшын закәаншьаҭала ахархәара адгылара аиурц", — ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит америкатәи Аокеанҭынчтә флот ахаҭарнак Реичел Макмарр.

Лара лажәаәқа рыла, ари Урыстәыла иаҿагыло усӡам, ааигәа Керчтәи аӡыбжьахалаҿ аҭыԥ змаз ахҭысгьы иадҳәалаӡам.

Макмарр илҳәеит америкатәи аруаа жәларбжьаратәи азин иахьалнаршо аҭыԥқәа рҿы иӡсалоит, иԥырлоит, русқәагьы ҟарҵалоит ҳәа.

Пиотр Дуӡӡа иӡыбжьахала Иапониатәи амшын аҿы иреиҳаӡоу ӡыбжьахалоуп. Иара урыстәылатәи амшынԥшаҳәақәа ҩба ирыбжьаркуеит, аҭбаара 24 миль иҟоуп. Асеиԥш аан аҳәынҭқарра аӡыбжьахала аҵакыратә ӡқәа рахь иаҵанаркуеит.

Пиотр Дуӡӡа иӡыбжьахала иӡыхгылоуп ақалақьқәа: Владивосток, Находка, Большои Камень, Фокино.

Ажәабжьқәа зегьы
0