Siemens урыстәылатәи аихамҩақәа ирыднагалоит ҩбаны еихагылоу авагонқәа

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСкоростной электропоезд "Ласточка" в Сочи
Скоростной электропоезд Ласточка в Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Siemens урыстәылатәи аихамҩақәа ирыднагалоит 11 фымцадәыӷбеи 27 пассаџьыртә вагон ҿыци.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 — Sputnik. Siemens азыхиоуп урыстәылатәи аихамҩақәа рзы ҩбаны еихагылоe авагонқәа рҭыжьра ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, агазеҭ "Ведомости" Siemens Урыстәыла иҟоу апрезидент Александр Либерови рдыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Либеров иажәақәа рыла, уажәазы "Урыстәылатәи аихамҩақәа" рыҿцәажәара мҩаԥысуеит 11 фымцадәыӷбеи 27 пассаџьыртә вагон ҿыци роуразы.

Иара ишиҳәо ала, Siemens иара убасгьы иазыхиоуп адәыӷбақәа "Ласточка" рбазала Урыстәыла ҩбаны еихагылоу авагонқәа рҭыжьра.

Либеров иҳәоит иахьазы Урыстәыла рхы ишадырхәо 110 дәыӷба "Ласточка". Урҭ Урыстәыла еицыҭрыжьит анаплакқәа Siemens, "Синара" — "Уральские локомотивы". Урҭ рыдагьы ахархәара рымоуп Германиа иҭыжьыз 54 дәыӷба.

Зынӡа иазыԥхьагәаҭоур 1200 вагон 2023 шықәсанӡа роура.

Ажәабжьқәа зегьы
0