Меркель: илегалым амиграциа апроблема зегьы еицаҳаӡбароуп

© Sputnik / Alexey Vitvitsky / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКанцлер Германии Ангела Меркель во время саммита ЕС в Брюсселе
Канцлер Германии Ангела Меркель во время саммита ЕС в Брюсселе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Германиа аканцлер Ангела Меркель Аглобалтә пакт амиграциа ашәарҭадареи, аҭышәныртәалареи ирзырхо документуп ҳәа ахылҳәааит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 – Sputnik. Германиа аканцлер Ангела Меркель аҳәамҭа ҟалҵеит илегалым амиграциа апроблема зегьы еицаҳаӡбароуп ҳәа. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

"Ҳтәылауаа рыхьчаразы илегалым амиграциа иаҿагылатәуп. Дарбанызаалак идыруазароуп ганкыламацаратәи ашьаҿақәа акгьы шрылымшо", — ҳәа лҳәеит Меркель амиграциаз ООН аконференциаҿ.

Уи адагьы аканцлер Аглобалтә пакт амиграциа ашәарҭадареи, аҭышәныртәалареи ирзырхо документуп ҳәа ахылҳәааит.

ООН аиҳабырабжьаратә конференциа ишьақәнарӷәӷәеит ишәарҭадоу алегалтә миграциаз Аглобалтә пакет Марракеш ақалақь аҿы, 150 тәыла рҟынтәи ахаҭарнакцәа алархәны.

Адокумент атекст аус адырулон фымз рыҩныҵҟа ООН аҳәынҭқарра-лахәылацәа зегьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0