Атанкқәа, БМП-қәа, Су-25: Украина Донбасс ақәлара аҽазнархиоит

© AFP 2023 / SERGEI SUPINSKYУкраинская артиллерия
Украинская артиллерия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аамҭақәак раԥхьа украинатәи амчрақәа артиллериала иалахысит Лугансктәи жәлар рреспубликаҿтәи аиланхарҭа Смелое.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 — Sputnik. Донецктәи жәлар рреспублика жәлар рмилициа Аусбарҭа апресс-маҵзура аиҳабы Даниил Безсонов ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Украина арратә мчрақәа Донецктәи аобласт ахь ишиаргаз Су-25 аҳаирпланқәа ԥшьба. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

"Ҳаԥшыхәцәа ишшьақәдыргылеит аҳаиртә баӷәаза Мелитополь аҟынтәи аҳаиртә баӷәаза Бердианск ахь Су-25 аҳаирпланқәа ԥшьба шиаргаз. Урҭ ахархәара рыҭахар ҟалоит ҳәа агәаанагара ҳамоуп", – иҳәеит Безсонов.

Уи адагьы Украина Донбассҟа иианагеит 60 цыра атанкқәеи БМП-қәеи, иҳәоит Безсонов.

"Хырыҩ амҭара иашам Горловкатәи ахырхарҭаҿ аӷа имчқәа ахьеизикуа. Аҵыхәтәантәи аҩымш рыла аихамҩатә станциа Константиновка ахь инеиит 93-тәи амеханизациатә бригада аруааи атехникеи", — ҳәа азгәеиҭоит Безсонов.

2014 шықәса зхы ахьыԥшымра рылазҳәаз Донецки Лугански рганахь ала Украина арратә операциа иалагеит. ООН аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, аимак иахҟьаны иҭахахьеит жәа-нызқьҩык инареиҳаны.

Аимак аҭышәныртәалара иалацәажәан Минск. Аинырратә гәыԥ иаднакылаз адокументқәа хырыҩ рзуны аимак аганқәа иахьагьы ишеиҿагылац еиҿагылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0