Трамп америкатәи ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

© AFP 2023 / JIM WATSONДональд Трамп
Дональд Трамп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩны шкәакәа ахада иазгәеиҭеит ЕАА ашәарҭадара азҵаарақәа рҟнеиԥш агуманитартә зҵаарақәа рҿгьы акризис аҭыԥ шамоу.

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. ЕАА ахада Дональд Трамп ижәлар рахь "шатдаун" иазкыз ааԥхьара ҷыда ҟаиҵеит, Мексикеи Америкеи рҳәааҿ иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәо ҳәа аанацҳаит РИА Новости.

Ацәгьоура амиграциа, амигрантцәа реиԥш америкаагьы хықәкны измоу, иадҳәаланы зықьҩыла ауаа рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара иҭанаргылоит ҳәа далацәажәоит Трамп.

Дональд Трамп - Sputnik Аҧсны
Трамп Флорида алхрақәа рымҩаԥгараан аԥаршеирақәа аҭыԥ рыман иҳәоит

Иара игәаанагарала "шатдаун" хыркәшахароуп аконгрессменцәеи иареи ахашаҽны реиқәшәара ашьҭахь.

"Ароблема ӡбашьак ауп иамоу – адемократцәа ирыдыркылароуп ҳҳәаақәа рыхьчаразы аныхрақәа ирызку азакәан. Аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара алшоит аиԥылараҿ, 45 минуҭ иреиҳамкәа иақәырӡны", - иҳәеит америкатәи аԥхьагыла.

Трамп иҳәеит адемократцәа ирҳәо ақәныҟәара мап шацәимкуа, аҭӡы абетон иалхны аргылара акәымкәа аихац иалхызаргьы шауа.

Убри аан Трамп агәра игоит Мексика аҳәааҿ иргылахо аҭӡы хара имгакәа ахала ахы ныҟәнаго иҟалоит ҳәа, Мехикои Вашингтони рыбжьара ахәаахәҭратә еиқәшаҳаҭра ацхыраарагьы абрахь иналаҵаны.

"Изакәанымкәа ЕАА иаларгало анаркотикқәа шықәсык аҩныҵҟатәи рыхәԥса 500 миллиард доллар еиҳауп. Уи ҳарааконгрессменцәа ҳазрыҳәаз 5,7 миллиард доллар раасҭа акыр еиҵоуп. Аҭӡы иақәхарџьхо аԥарақәа иара убасгьы ихнырҳәхоит Мексикааи ҳареи ҳнапы еицызҵааҩыз ахәаахәҭратә еиқәшаҳаҭра ала", - иҳәеит иара.

ЕАА аиҳабыра ахәҭакахьала рнапынҵақәа рынагӡара иаҟәыҵит ԥхынҷкәын 22 раахыс ("шатдаун"). Уи зыхҟьаз аконгресс аҿы адемократиатә партиа Мексикеи Еиду аштатқәеи рыбжьара аҭӡы аргылара алзыршо хә-миллиард доллар абиуџьет алаҵара мап ахьацәыркыз ауп. Трамп иакәзар алхрақәа раан аҳәамҭа ҟаиҵахьан аҭӡы ширгыло азы.

Ажьырныҳәа хԥа рзтәи алхрақәа раан адемократцәа аконгресс ахаҭарнакцәа рпалатаҿы аԥыжәара роуит, иаразнакгьы уи рхы иадырхәеит.

Трамп иакәзар, аԥшьгара аблокада шазиуа иҳәеит 5,7 миллиард доллар абиуџьет иацрымҵакәа. Абри аан адемократцәа азыхиоуп аҭӡы аргылара 1,3 миллиард доллар мацара ақәхарџьра.

Ажәабжьқәа зегьы
0