Николас Мадуро Венесуела ахада иҳасабала аҭоубашьҭаҵара мҩаԥигеит

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНиколас Мадуро иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит
Николас Мадуро иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Венесуела ахада Николас Мадуру иинаугурациатә церемониа далахәхеит, аԥшьаша, ажьырныҳәа 10 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Николас Мадуро аԥшьашаҽны 2019-2025 шықәсқәа рзы Венесуела ахада иҳасабала аҭоубашьҭаҵара мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

Атәыла ахада иинаугурациа мҩаԥысит Амилаҭтә ассамблеиа аҿаԥхьа амҩаԥгара шахәҭазгьы, атәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахыбраҿы.

Венесуела аоппозициатә парламент атәыла аполитикатә напхгара иаԥыргоуп, убри азы иӡбан Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы ацеремониа мҩаԥгазарц. Аконституциа 231 ахәҭаҷ уи азин ҟанаҵоит, атәыла ахада апарламент аҿаԥхьа аҭоубашьҭаҵара изымҩаԥымгозар.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба Венесуела дырԥылараны дыҟоуп ԥшь-тәылак рхадацәа

Аԥсны ахада Венесуела иҟазаара мҩаԥысуеит ажьырныҳәа 10 - 11 рзы. Абри аамҭа иалагӡаны иара аинаугурациатә церемониа далахәхоит. Уи адагьы аныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны атәылақәа рыҩба рхадацәа еиԥылараны иҟоуп. Аиԥылараан ирылацәажәараны иазыԥхьагәаҭоуп Аԥсны-венесуелатәи аизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа.

Аҭоубашьҭаҵара ацеремониа иалахәуп Куба ахада Мигель Диас-Канель, Боливиеи Сальвадори рхадацәа Ево Моралеси Санчес Серени, Никарагуа ахада Даниель Ортега, Ҭырқәтәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Фуат Октаи, КЖәР ақыҭанхамҩа аминистр Хань Чанфу, ОПЕК аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Мохаммед Баркиндо, Аладатәи Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов. Урыстәылатәи аделегациа напхгара аиҭоит Илиас Умаханов.

Венесуела Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи азханаҵеит цәыббра 10 2009 шықәса рзы. Иара Урыстәылеи Никарагуеи рышьҭахь арҭ аҩ-ҳәынҭқаррак азхазҵах ахԥатәи атәыла акәхеит.

Цәыббрамзазы имҩаԥысит Аԥсныи Венесуелеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиԥылара.

Аԥсны ахада раԥхьатәи иофициалтә ҭаара мҩаԥысит 2010 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0