Песков: Путини Трампи рыбжьара аилацәажәара ыҟоуп ҳәа иҳәо ҵаҵӷәыдоуп

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәылеи Америкеи рхадацәа
Урыстәылеи Америкеи рхадацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков Урыстәылеи Америкеи рхадацәа рыбжьара ацәыҵацәажәарақәа мҩаԥысуеит ҳәа ирҳәо ҵаҵӷәыдоуп ҳәа ахиҳәааит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 15 — Sputnik. Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков Урыстәылеи Америкеи рхадацәа рыбжьара ацәыҵацәажәарақәа мҩаԥысуеит ҳәа ирҳәо ҵаҵӷәыдоуп ҳәа ахиҳәааит.

Twitter и Facebook. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Песков: Путин ауаа дырзааигәахарц азы Twitter иҭахӡам

"Асеиԥш ажәабжьгәараҵара иарбанызаалак иашарак аҵам. Америка ауаажәларратә еилазаара еиҟәшоуп. Еиҟәшоу аиҳабырагьы. Убарҭ ирыхҟьаны иҟоу аҭагылазаашьа уадаҩ аҿы аусура иқәшәеит Трамп", - ҳәа иҳәеит Песков агазеҭ "Аргументы и факты" аинтервиу аҭо.

Песков иажәақәа рыла Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа ибаша-машаны иубом. Ҷыдала, апроект "Северный поток-2" иаҿагыло асанкциақәа ҵаҵӷәыс ирымоу урыстәылатәи агаз аасҭа зыхәԥса еиҳау америкатәи агаз аҭира алыршароуп.

40 шықәса инареиҳауп Урыстәыла еиуеиԥшым асанкциақәа адҟарҵалоижьҭеи иҳәеит Песков, убри аан Вашингтон иамам алшара Урыстәыла асуверентә политика мап ацәнакуа аҟаҵаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0