Москва аӡбарҭа иазыԥхьагәанаҭоит украинатәи амшынуаа раанкылара аҿҳәара аацҵара

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосква аӡбарҭа иазыԥхьагәанаҭоит украинатәи амшынуаа раанкылара аҿҳәара аацҵара
Москва аӡбарҭа иазыԥхьагәанаҭоит украинатәи амшынуаа раанкылара аҿҳәара аацҵара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва, Лефортовтәи аӡбарҭа украинатәи амшынуаа раанкылара аҿҳәара ацҵаразы аӡбара иарку арежим ала имҩаԥгазарц азы апрокурор иҟаиҵаз азыҳәа адгылара анаҭеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 15 — Sputnik. Аҳәынҭқарратә ҳәаа еилазгаз украинатәи амшынуаа рганахь ала Урыстәыла АШәМ азыҳәа ахәаԥшразы аӡбарҭа аилатәара мҩаԥысуеит Москва, аҩаша, ажьырныҳәа 15 рзы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Москва, Лефортовтәи аӡбарҭа украинатәи амшынуаа раанкылара аҿҳәара ацҵаразы аӡбара иарку арежим ала имҩаԥгазарц азы апрокурор иҟаиҵаз азыҳәа адгылара анаҭеит, ахара зду рыхьчацәа уи ишаҿагылозгьы.

Аҳәаа еилазгаз украинатәи амшынуаа русҭҵаара аҿҳәара лаҵарамзанӡа инахоит - Sputnik Аҧсны
Аҳәаа еилазгаз украинатәи амшынуаа русҭҵаара аҿҳәара лаҵарамзанӡа инахоит

Ашьаусҭҵаара аӡбарҭахь аҳәара ҟанаҵеит амшынуаа аҽа хымз, мшаԥымза 6 рҟынӡа иаанкылазарц. Аӡбарҭа аилатәарақәа мҩаԥысуеит азалқәа хԥа рҟны.

Украинатәи амшынуаа рыдгыларазы аӡбарҭахь инеиит рыуацәа-рҭынхацәа. Арахь дааиит иара убасгьы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара знапы иану украинатәи аомбудсмен Лиудмила Денисова.

2018 шықәса абҵарамзазы Украина арра-мшынтә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит, дара мҩаԥызгоз Урыстәыла амшынеиқәатә флоти Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә маҵзура рыӷбақәеи рышхәақәеи иаангыларц азы иҟарҵоз адҵа иаххәыцуамызт ҳәа. Абри ашьҭахь аӷбақәа ааныркылеит Урыстәылатәи амшынԥшаҳәаҟынӡа 20 километра рҟынӡа бжьани Ҟрымтәи ацҳа аӷбақәа ахьыҵысуа аҟынтәи 50 километра рҟынӡа набжьани.

Абри аан хҩык украинатәи амшынуаа ахәрақәа роуит. Урҭ ахәышәтәырҭаҿы ацхыраара рырҭеит.

Урыстәыла, аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара инамаданы ашьаус хацнаркит, аҳәарагь ҟанаҵеит ООН Ашәарҭадаратә хеилак Азовтәи амшын аҿтәи аҭагылазаашьаз ҷыдала алацәажәара мҩаԥнагарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0