Колумбиа акадеттә школ аҿы иҟалаз аԥжәара аԥсыҭбарақәа ацуп

© AFP 2023 / JUAN BARRETOКолумбиа, аполициа акадеттә школ аҿы аԥжәара аԥсыҭбарақәа ацуп
Колумбиа, аполициа акадеттә школ аҿы аԥжәара аԥсыҭбарақәа ацуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аушьҭымҭацәа ашкол ралгара ауснагӡатә ацеремониа анхыркәшаха ашьҭахь минуҭқәак ааҵуаны аԥжәабжьы геит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. 20-ҩык ҭахеит, 68-ҩык ахәрақәа роуит Колумбиа аҳҭнықалақь Богота аполициа акадеттә школ аҵакыраҿы иԥыржәаз амашьына иахҟьаны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ацәгьа зуз дналакны иҭахеит 21-ҩык", - ҳәа рҳәеит аҭыԥантәи аполициа рҿы.

Колумбиа анапхгара ирылшеит ашкол ашҭахь иҭалаз, нас иԥжәаз аџьип аԥсҟы шикыз 56-шықәса зхыҵуаз Хосе Альдемара Рохас. Рохас иҟаиҵаз мзызны иамаз ашьақәыргылара иаҿуп.

Иҟоуп агәаанагара Рохас дрыдҳәалазар ҟалоит ҳәа атәыла аоппозициатә гәыԥқәа "Революционные вооруженные силы Колумбии (РВСК)" "Армия национального освобождения (АНО)".

Колумбиа ахада Иван Дуке атәылаҿ хымштәи алахьеиқәра рылеиҳәеит.

Колумбиа ахада идҵала атәыла аҳәаақәеи арежим ӷәӷәахьы ииагоуп. Дуке атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит атерроризм аҿаԥхьа рҽеидыркыларазы.

Дуке иҳәеит атәыла аҩныҵҟа иҟоу еиҿкаарылатәи ацәгьоуратә гәыԥқәа рҿагылара еиҳа ишырӷәӷәахо, урҭ рнапхгаҩцәа раанкылара иацхраауа агәазыҟаҵара рыҭара асистемагьы еиҭахәаԥшраны ишыҟоу.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0