Рио-де-Жанеиро 2020 шықәсазы адунеитә архитектура иаҳҭнықалақьны ирылаҳәоуп

© Sputnik / Александр Вильф / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода мира. Рио-де-Жанейро
Города мира. Рио-де-Жанейро - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақалақь Рио-де-Жанеиро - адунеитә культуреи, ақлақьтә еиқәыршәареи, архитектуреи ирыдҳәалоу хра злоу аглобалтә проблемақәа иахьрылацәажәаша жәларбжьаратәи ҭыԥхоит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 19 - Sputnik. Ақалақь Рио-де-Жанеиро адунеитә архитектура иаҳҭнықалақьхоит 2020 шықәсазы. Абри аҩыза аӡбамҭа аднакылеит ИУНЕСКО, Жәларбжьаратәи архтитекторцәа реидгыла ацны, ахәаша, ажьырныҳәа 18 рзы. 

ИУНЕСКО асаит аҟны ицәыргоу аҳәамҭа ишаҳәо ала, Рио-де-Жанеиро ақалақь аҿы еиҿкаахоит хышықәса рахььтә знык имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи архитекторцәа реидгыла адунеизегьтәи рконгресс. Зеиԥшла иуҳәозар, ари ақалақь аҿы акәхоит иахьа адунеи аҿаԥхьа акультура аганахьала ицәырҵуа аглобалтә проблемақәа -  хра злоу ақалақьеиқәыршәаратә, архитектуратә зҵаарақәа иахьрылацәажәо.

"Имҩаԥааго хкы рацәала ауснагӡатәқәа ирыбзоураны, Рио-де-Жанеиро адунеитә архитектура аҳтнықалақь аҳасабала ицәырнагоит архитектура аҵак ду шамоу ақалақь акультуратә ҿиараҿы", - ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0