"Ты супер!" ахԥатәи асезон Кремль ихацыркхоит

© Sputnik / Евгения Новоженина / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Ты супер!" ахԥатәи асезон Кремль ихацыркхоит
Ты супер! ахԥатәи асезон Кремль ихацыркхоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ателеканал НТВ ирыланаҳәеит жәларбжьаратәи авокалтә шоу "Ты супер!" шхацыркхо атәы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 - Sputnik. Кремльтәи асценаҿы, хәажәкыра 5 рзы имҩаԥысраны иҟоуп агәыҳалалратә гала-концерт. Аконцерт иалахәхоит уаанӡатәи асезонқәеи асезон ҿыци рлахәылацәа. Абри атәы аанацҳауеит ателеканал НТВ апресс-маҵзура.

Первый полуфинал вокального конкурса Ты супер! на НТВ - Sputnik Аҧсны
"Ты супер!" ахԥатәи асезон аҽалархәразы арзаҳалқәа рыдыркылалоит

Аконцерт аҿы "Ты супер!" иара иалахәхоит Игор Крутои, Елка, Стас Пьеха, Диана Арбенина, Владимир Пресниаков, Зара, Евгени Маргулис, Алсу уҳәа егьырҭгьы. Абилеҭқәа рыҭира еиднакыло аԥара азырхахоит "Ты супер!" агәыҳалалратә фонд. Афонд- зҭаацәа ыҟамкәа иаанхаз, аҟыбаҩ змоу аиаҭымцәа рыцхырааразы иаԥҵоуп.

Ахԥатәи асезон иаҷыдаҟазшьаны иҟалоит хә-тәылак рҟынтәи алахәыла ҿыццәа 21-ҩык ралахәра адагьы, уаанӡатәи асезонқәа рҟынтәи 36-ҩык ралахәхара. Асезон амҩаԥгаҩыс дҟалоит Вадим Такменев, ажиури алахәылацәа макьаназ рыхьӡ ҳәам.

"Ҳара ҳгәаанагарла апроект аԥҟаррақәа рыстандарт ҳҽацәхьаҳкыр, уаанӡатәи асезонқәа рлахәылацәа иахьатәи рықәҿиарақәа ҳдырбар еиҳа аинтерес аманы иаабеит. Урҭ рҟынтәи имаҷҩым ашкол ҷыдақәа ирҭалаз. Ҳара дара гәыгәҭаҳмыжьит, ҳрышьклаԥшуеит, егьырҭ аиндаҭларақәа "Детская Новая волна" "Детское Евровидение" уҳәа реиԥш иҟақәоу рылахәраҿы адгылара раҳҭоит", - ҳәа иҳәоит НТВ апродиуссер хада Тимур Ваинштеин.

Апроект "Ты супер!" мҩаԥысуеижьҭеи 174-ҩык, апрофессионалтә музыкатә мҩахьы раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵаз ахәыҷқәа рхаарԥшра иацхраахьеит.

Актәи асезонқәа ирылахәын Урыстәыла, ИАР атәылақәа, Балтиа атәылақәа, Азербаиџьан, Ермантәыла, Беларусиа, Ҟазахсҭан, Латвиа, Молдова, Таджикистан, Узбекистан, Украина, Естониа, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи ашәаҳәаҩцәа.

Апроект аепизодқәа НТВ асаити аофициалтә YouTube-канали рҿы ирыхәаԥшхьеит 300 миллионҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0