Порошенко ААК ахь идокументқәа ралагалашьа акритика азыруит

© REUTERS / VALENTYN OGIRENKOУкраина ахада Петр Порошенко
Украина ахада Петр Порошенко  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Украина ахада Петр Порошенко аҽҭаҩразы Ацентртә алхратә комиссиахь идокументқәа ҭеиҩит.

АҞӘА, жәабран 4 – Sputnik. Асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа акритика азыҟарҵеит украинатәи ахада Петра Порошенко Ацентртә алхратә комиссиахь даннеиуаз ахыбра ашьҭахьтәи аҩналарҭала дахьыҩналаз.

РИА Новости адыррақәа рыла Порошенко ус зыҟаиҵаз, ахыбра аҿаԥхьа имҩаԥысуаз акциа алахәылацәеи иареи еиҿамҳарц ауп. Акциа мҩаԥыргон Украина иршьыз ажурналистка Гандзиук лышьра аганахь ала.

Президент Украины Петр Порошенко - Sputnik Аҧсны
Порошенко Керчьтәи аӡыбжьахалаҿы иҟалаз ахҭыс азы: ари еибашьроуп

Иҟан Порошенко асеиԥш ихымҩаԥгашьа аҭагылазаашьа амырӷыӷкроуп изызку ҳәа, аха аиҳараҩык иалхратә компаниа асеиԥш алагара патудароуп ҳәа изшьаз.

"Атәыла ахада активистцәа рызҵаара "Катиа Гандзиук лышьра иалаҟьышьыда?" ҳәа рызҵаара дацәшәеит", - ҳәа иҳәоит ажурналист Алексеи Братушьчак.

Херсон ақалақь ахада иабжьгаҩ, ауаажәларратә усзуҩ Екатерина Гандзиук 2018 ԥхынгәымзазы аҵәҵәыра лҿарҭәеит, аамҭақәак рышьҭахь ахәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит. Аусҭҵаара агәаанагарала Гандзиук лышьра лыпрофессионалтә усура иадҳәалоуп.

Украина ахада изаамҭанытәиу иалхра мҩаԥысраны иҟоуп хәажжәкыра 31 рзы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0