Америкатәи аҳаирплан-ԥшыхәыҩқәа Шьамтәыла амшынԥшаҳәа ҭарыԥшыхәуан

CC BY 2.0 / Alan Wilson / Boeing RC-135V / Американский самолет-разведчик
Американский самолет-разведчик - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәылеи Ливани рымшынԥшаҳәа жәабран 4 рзы Америкатәи арадиоелектронтә ҳаирплан-ԥшахәыҩқәа ахыԥраауан.

АҞӘА, жәабран 5 – Sputnik. Америкатәи арратә ҳаирплан Boeing RC-135U Шьамтәылеи  Ливани рымшынԥшаҳәа ашәахьа, жәабран 4 рзы иахаԥшыхәуан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аресурс PlaneRadar адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Британское военное судно HMS Echo при проходе пролива Босфор - Sputnik Аҧсны
Британиатәи аԥшыхәратә ӷба Амшын Еиқәа аҵакырахь иҭалеит

Аҳаирплан  Крит иҟоу аҳаиртә база аҟынтәи ишьҭыԥрааит.

Аҽа ҳаирпланк, Boeing RC-135V Хмеимим иҟоу урыстәылатәи арратә базеи Тартус иҟоу амшынтә базеи ҭаԥшыхәуа ирхыԥраауан.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы  ирацәахеит урыстәылатәи арратә обиектқәа  рыҭҵаара аҽазышәара.

Аҳаирплан-ԥшыхәыҩцәа изныкымкәа игәарҭахьеит Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацәи рзааигәареиԥш Балтикатәи амшын аҵакыраҿгьы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0