Мадуро: дарбанызаалак аҳәаанырцәтәи асолдаҭ Венесуела адгьыл ишьапы ықәиргылом

© © REUTERS / StringerПрезидент Венесуэлы Николас Мадуро. Архивное фото
Президент Венесуэлы Николас Мадуро. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Венесуела ахада ахҳәаа аиҭеит америкатәи алидер Дональд Трамп Венесуела ар алагалахар ҟалоит ҳәа иҟаиҵаз аҳәамҭа.

АҞӘА, жәабран 5 – Sputnik.  Венесуела ахада иуаажәлар агәра диргеит атәыла ар иамоу ажәлари аԥсадгьыли рыхьчара алшоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Венесуела аӡә далалом, дарбанызаалак солдаҭ-агрессорк аҳәаа дахысуам. Венесуела зыхьчаша ар ҳамаӡами?" - ҳәа иҳәеит Мадуро.

Венесуелатәи алидер иҳәеит аҳәаанырцәтәи аинтервенциеи аҳәынҭқарратә мчра ахҳәареи шзалмыршахо.

Гуаидо аҳәамҭа ҟаиҵеит аруааи иареи аинырра шрымоу азы - Sputnik Аҧсны
Гуаидо аҳәамҭа ҟаиҵеит аруааи иареи аинырра шрымоу азы

Уаанӡа Дональд Трамп Венесуелаҟа иаҭаххар ар нашьҭхоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵахьан. Каракас ари иақәыӡбеит, жәларбжьаратәи азин анормақәеи ООН аԥҟаԥҵәеи еиланагоит ҳәа ахырҳәааит.

Венесуела аоппозициатә парламент  аиҳабы Хуан Гуаидо ажьырныҳәа 23 аамҭалатәи аҳәынҭқарра ахадас ҳәа ихы рылеиҳәеит. Америкеи аҽа тәылақәаки Гуаидо дшазхарҵо атәы рҳәеит.

Николас Мадуро иакәзар, закәаншьаҭалатәи хаданы ихы иԥхьаӡоит, апарламент аиҳабы "Еиду Америкатә Штатқәа рмарионетка" ҳәа изиҳәеит.

Урыстәылеи Китаии Николас Мадуро Венесуела алегитимтә хада ҳәа дрыԥхьаӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0