"Урыстәыла Аихамҩақәа" Адлер ахырхарҭала идмырхынҳәуа абилеҭқәа рыҭира иалагоит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПассажиры в вагоне двухэтажного поезда
Пассажиры в вагоне двухэтажного поезда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкырамза инаркны Адлерҟа ицо адәыӷбақәа рахь идмырхынҳәуа абилеҭқәа рыҭира  иалагоит. Идмырхынҳәуа абилеҭқәа рыхәԥса идырхынҳәуа рыхәԥса аасҭа 20% рыла еиҵоуп.

АҞӘА, жәабран 5 – Sputnik. Ахолдинг "Урыстәыла Аихамҩақәа" идмырхынҳәуа абилеҭқәа рыҭира ахьалшо ахырхарҭақәа рсиақәа дырҭбаауеит. Абарҭ ахырхарҭақәа ируакхоит Адлер.

Адәыӷба Ростов- Адлер ахь идмырхынҳәуа абилеҭқәа раахәара алшоит хәажәкыра 19 инаркны, адәыӷба Москва-Адлер ахь мшаԥымза 2 инаркны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Арҭ адәыӷбақәа рзы апассаџьырцәа азин рымоуп идырхынҳәуа абилеҭқәагьы аархәарц ҳәа азгәарҭеит аилахәыраҿы.

Идмырхынҳәуа абилеҭқәа ааухәар ауеит авагон-купеқәа рҿы. Аплацкартқәеи азеиԥш вагонқәеи рҟны атариф аҳәынҭқарра иахьышьақәнаргыло – идмырхынҳәуа абилеҭқәа рҭиуам.

Идмырхынҳәуа абилеҭқәа раахәара алшоит акассақәа зегьы рыҟни амобилтә цҵа "РЖД Пассажирам" аҟнsи.

Идмырхынҳәуа абилеҭ аахәараан аекономиа ишьақәнартәоит 5-20%. Азакәан инақәыршәаны? иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан идмырхынҳәуа абилеҭ архынҳәра азин ыҟоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0