Урыстәыла Куба иазынанашьҭуеит 38 миллион евро арратә техника аиҭарҿыцразы

© AFP 2023 / ADALBERTO ROQUEКуба. Архивное фото.
Куба. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акредит азы аиқәшаҳаҭра напы аҵарыҩхьеит, Москва иахәҭаны иҟоу аҳәынҭқарраҩныҵҟатә усқәа ирыхрыжьхьеит.

АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Арра-техникатә усеицуразы Афедералтә маҵзура аиҳабы Дмитри Шугаев аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Куба 38 миллион евро азынанашьҭуеит арратә техника аиҭарҿыцразы, урыстәылатәи аалыҵ аахәаразы ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Акредит азы аиқәшаҳаҭра напы аҵаҩхахьеит, Москва иахәҭаны иҟоу аҳәынҭқарраҩныҵҟатә усқәа ирыхрыжьхьеит", - иҳәеит Шугаев агазеҭ "Коммерсант" аинтервиу аҭо.

Дмитри Шугаев инаҵшьны иазгәеиҭеит Кубеи Урыстәылеи рыбжьара арра-еилахәаахәҭратә еиқәшаҳаҭра 2006 шықәса раахыс аус шауа.

"Уажәы ҳаинырра аус ауеит атехнологиатә усеицура апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны", - иҳәеит иара.

Абри аҩыза аусеицура Куба ианаҭоит алшара арра-ааглыхратә комплекс азы ԥхьаҟатәи апланқәа разыԥхьагәаҭара, акредит акәзар, атехнологиатә усеицура аҿиара иазырхахоит ҳәа азгәеиҭеит Шугаев.

Ажәабжьқәа зегьы
0